Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыԥсы ҭоу асалам шәҟәқәа

Абасеиԥш рзуҳәар алшоит Аԥсны аибашьра ианалагылаз (1992-1993 шш.) иҩыз асалам шәҟәқәа. Урҭ аԥырҵон, аибашьра иалагылаз ҳфырхацәа рхәыҷқәа, рҩызцәа, рҭаацәа, мрагылареи, мраҭашәареи ҳажәлар еиҟәыгаз, изеиҭанамиааиуаз  асалам шәҟәқәа цҳас ирыбжьан, гә́ырӷәӷәагас  ирыман. Абарҭ асалам шәҟәқәа рышьҭра дхыланы, ҿыц аԥсы ахалҵеит еицырдыруа ажурналсит, аибашьра зегьы зкамера кны ҳфырхацәа  ирыцалсыз, ааԥсара ззымдыруа Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.

Ааигәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахь-аҧша амузеи аҟны имҩаԥган  аибашьраан  ирҩуаз асалам шәҟәқәа ирызкны иаԥҵоу адокументтә фильм аӡыргара.

Уи иалахәын, дара асалам шәҟәқәа равторцәеи, адокументтә фильм аԥҵараҿы ацхыраара ҟазҵази, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи. Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкуп ари афильм. Уи Аиааира ахаҿы дгылоуп Владислав Арӡынба.

Аиԥылара аартуа, Екатерина Бебиа  илҳәеит: лусураҿы ацхыраара ду шлырҭаз арежиссиор Виолла Кәакәасқьыр, аоператорцәа Мизан Ломиа, Миранда Џьениа, Хьыбла Хәарцкьиа.

Еилкаауп, иарбан усзаалак, еиҳаракгьы афильм, цхыраарада иузыҟаҵом. Адокументтә фильм аԥҵараҿы, уи апроект анагӡараҿы ацхыраара ҟаиҵеит, ахарџь ахишәааит аԥсуа-абаза конгресс анапхгаҩы Мусса Екзеков.

Аӡыргараҿы аԥсуа-абаза аконгресс ахьӡала ажәа иҳәеит уи ахаҭарнак Ҭемыр Рикәаа. Иара иазгәеиҭеит: «асеиԥш иҟоу апроект адгылара ҳара иаҳуалԥшьоуп, избанзар уи ҳара аԥсуаа ҳҭоурых ауп».

Афильм азы ргәаанагара ҳәо,  иҭабуп ҳәа рҳәеит Аԥсуа радио аҟәша анапхгаҩы Елеонора Барцыц, Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба. «Асалам шәҟәқәа ҵәахуп,
 уи зегьы ирбаӡом, урҭ рцәыргара мариаӡам, шәара ишәылшеит зегьы рцәыргашьа ҳәа азгәарҭеит. Иахьа ижурналистцәоу Амра Џьынџьалԥҳаи, Анжела Қәычбериаԥҳаи, усҟан аибашьра анцоз истудентцәан, абраҟа иалоуп дара рнапҩымҭақәақәагьы.

Ажурналист Хьыбла Чамлар арҭ амш еиқәаҵәақәа  лхәыҷра иадылҳәалоит. Усҟан лара 15 шықәса ракәын илхыҵуаз, илҭахын лашьцәа дрывагылар, аха дзышьҭуадаз. Лгәалашәара рыцеиҩылшеит еизаз. Аиԥылараҿ иааԥхьан Аԥсны Афырхаҵа Гена Смыр иҭаацәа.

Ажурналист Кама Быҭәба афильм дахцәажәо, илҳәеит уи автор лџьабаа хәы змаӡам ус дуны ишылԥхьаӡо.

Аӡыргарахь иааԥхьан, занааҭла иахьа ирҵаҩцәоу Саидеи Силвиеи Џьынџьал-ԥҳацәа. Урҭ аибашьра анцоз Ԥақәашь ақыҭаҿ иҟан, усҟан ирҩыз асалам шәҟәқәа апроект автор лнапаҿы илырҭеит.

Ҳара аԥеиԥш бзиа шҳамоу агәра унаргоит иахьа еиҵагылаз ҳҿар  ҳҭоурых ашҟа иҟарҵо азҿлымҳара  анубо. Хаҭала уи уныруеит ажурналистика знапы алаку рыҳаҵҳаҵара, русура, рыԥшаара уанагәылаԥшуа . Даргьы ражәа иалоуп: «Ҳара насыԥ ҳамоуп Екатерина  Гьаргь-иԥҳа леиԥш иҟоу арҵаҩы дахьҳамоу». Аӡыргара иазкыз аиԥылара хыркәшо автор иҭабуп ҳәа ралҳәеит уи иалахәыз зегьы.  Ари апроект «Зыԥсы ҭоу ашәҟәқәа»  иҵегьы иацҵахоит.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me