Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс»

Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр ҟазарала иқәдыргылеит асерб драматург Б.Нушич икомедиа «Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс» Арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Есма Џьениа. Асценографиа Анри Дочиа, акостиумқәа – Ольга Загорскаиа.

Асцена аатуеит акомедиа афырхаҵа хадацәа аминистр иԥшәма, иҩнаҭа рдунеи агәлаԥшрала, урҭ азыԥшуп ажәабжь аиура, ан, аԥҳа рымаҳә еилыҷҷа.

Иџьашьахәуп, аха асерб комедиа, ҳара аԥсуаагьы ҳаԥсҭазаара иақәҿнаҭуеит. Аамҭа абарбал иануп, игьежьуеит. Аӷарра ацәа зыҟәнышьшьылоз аҩнаҭа, аԥшәма инаиқәҿианы министрс даналырх нахыс зегьы рҽырыԥсахит, нхашьалагьы хымҩаԥгашьалагьы, лхаҵкы аминистр иԥҳәыс лҭахрақәагьы ирызҳаит, ауа-аҭахы рхыԥхьаӡара рацәахеит. Рызегьы зышьҭоу, аԥсҭазаараҿы ишаҳԥыло еиԥш, реизааигәара рхы иархәаны рпроблемақәа рыӡбара акәгәышьоуп. Аԥшәма ԥҳәыс – Живка Папович лакәзар, дҿырԥшыганы дубом, уаанӡа  данӷарыз илыцхраауазгьы лгәалалыршәарц лҭахым, уимоу лымаҳәҵәҟьагьы уажәшьҭа сыԥҳа улаҭәам ҳәа дкалцарц лҽазылшәоит.

Акомедиаҿы зҽызмԥсахуа, зынамыс еицамкуа ракәны иаарԥшуп, аминистр иԥҳаи, имаҳәи. Уи ароль заманалаҵәҟьа инарыгӡеит актиорцәа.

Ароль хада назыгӡоз Адьдона Адлеиба лакәзар, илылшеит иаалырԥшуаз ахаҿсахьа аҽагәылахалара. Уи рныԥшуан азал ду ҩнырҭәаа итәаз ахәаԥшцәа. Ирзыҵәахуамызт аемоциақәеи, аччабжьи.

Акомедиа иаҳнарбоит, аҭыԥ ԥха мал-мазара рҳагас иҟазҵаз, ачынуаҩ шамахамзар моральла дшылаҟәхо, ауаҩытәыҩсара иацәтәыму аҟазшьақәа шышьҭихуа. Уи аабоит иԥҳәыс лхаҿала.

Адунеи зегь иқәынхо ауаа, милаҭцыԥхьаӡа доусы хаҿык-хаҿык рымоуп, аха иҳамоуп иаҳзеиԥшу акы – ауаҩра. Уи аамҭақәа зегь рзы иактуалтәуп.

Атеатр ауаҩы ихаҿсахьа изырбо, ацыха ӡыхьеиԥш дкаххаа дызрыцқьо, дзырччо, дзырҵәуо, дзырхәыцуа  ҟазароуп.

Сара хаҭала, атеатр актиорцәа дуқәа  бзиа еицаҳбахьо, аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа иаарымыздаша аҿар ахьаҵагылаз агәырӷьара ду снаҭоит. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр аԥеиԥш бзиа амоуп. Исҭахым хьыӡҳәала аӡәгьы иалкаара, иҟам ароль маҷ, мамзаргьы ихадоу ароль ҳәа. Рызегьы ҟазарыла ихәмаруеит.  Б.Нушич икомедиа ишақәнагоу ахықәкы нанагӡеит. Аспектакль «Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс» иахьатәи ҳаԥсҭазаара иасаркьоуп.


Наира Сабекиа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me