Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Адыгаа рҿаԥыцтә ҳәамҭаҿы иҟоуп ашәак: ашәаҳәаҩ Баҭу имаҭа хаҵа дишьҭырц игәы иҭаикуеит, аха хаҵас илзыеиқәыиԥхьаӡо рыҟнытә аӡәгьы длаҭәалшьом. Аха ашәа иҳазцәырнаго аҭоурых актәи аамҭа ауп. Ари ашәа аԥҵара мзызҵәҟьас иамаз даҽакуп – Баҭу “Ишсыхәҭоу еиԥш пату сықәырҵаӡом” ҳәа иӡбан, иқыҭауаа ԥыҭҩык рзы игәыԥжәара ашәаны ицәыригеит.
«Уараида, са с-Ԥаҟә! Бзысҭарыда бырбарц,
Ибыхәҭоу баҳаҭыр бдырбарц,
Иарбан ҭаацәароу бзысҭо?
Шаҟаҩык бышьҭои, са с-Ԥаҟә!
Аӡә иаҵкыс аӡә дшеиӷьу бымбои,
Рыҟнытә иалыбхуада бигарц,
Бынасыԥ здыбҳәало дыббо?
Уараида, са с-Ԥаҟә! Да, бындәылҵны бнаԥши -
Ҳашҭаҿы ҭыԥк шнымхаз уа иббашт,
Бҭацаны шьҭа быхьыӡ шцәырго заҳаз
Аҭацаҳәара бжьажьны, ҭацагара иццакит.
Ҽышьапҭыԥ иадыргеит ҳашҭа, аҳаскьын кәаҳаны,
Аҵәаҵла ҵәак ныҿшәаргьы иахькаҳаша азыԥшаарым!
- Да, сыԥшӡа хәыҷы, бизааҭгыл ҭауадк –
Иҽымаҭәа хьыла иҩычоуп, иԥшӡоуп,
Икәадыр иадҳәалоу ахьаҭра хьанҭоуп,
Инарылыбкааша иоуп иаҳзааз!
- Аҭауад сышԥаиуҭо, усҟәаҵ!
Илаԥш хьыда ак шыхгылам умбо,
Исызҭоу агәы ҳәа ак дашьҭам, аха
Имал сациҵарц мацароуп дзышьҭо!
- Да, сыԥшӡа хәыҷы, бизааҭгыли аҳ –
Имаҵуцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп,
Иҳамҭақәа ирыҵо рҵыхәтәантәи – руаӡәк
Аҽышькыл уангыларгьы арантә дубаӡом.
- Аҳ сышԥаизуҳәо, усҟәаҵ!
Имчра ада акгьы дазхәыцуам иара,
Ҽырбагас сааихәарц ауп дзааз,
Маҭәарк еиԥш суҭиуама, иабахәа!
- Да, сыԥшӡа хәыҷы, бнаԥши – еибашьҩык
Дҽыжәҵны абарҵаҿ дгылоуп абра,
Раӡныла иҩычоуп иаҳәа, иҽы
Шьапыла адгьыл ажуеит иҭхыруа.
- Аибашьыҩ сышԥаиццо, уаҟәыҵ!
Гәырҩада иааигарц илшои иҩны,
Хьыӡрагара дынҽыжәланы дцар
Икасҭәар акәхоит аԥҳәысеиба лыблаӷырӡ.
- Да, сыԥшӡа хәыҷы, быԥшишь – дшәаҳәаҩуп,
Дааит иҩнаҭа баԥшәымахарц,
Иҿаԥыц ала ирҳаз зегьы бтәхарц,
Хьтәырахәыцла иӡаххоит быҵкы, беилаиҳәашт бырсала.
- Шьыжьшаанӡа аԥхьарца зырӷызуа ситәхарцу?
Имхы жәаԥшӡала илаимҵозар,
иҽаҩра ашәала иҭаимгалозар,
Иарбан ҭацәыроу сзаԥшәымахо?
Уараида, са с-Ԥаҟә! Ус бышԥарыхцәажәо ибзааз!
Аӡә иаҵкыс аӡә деиӷьуп еиҳа –
Зықьҩык ахьеизаз аӡә далбымхыр цас,
Ҳазшаз имаҿоуп, мчыла брымгои!
Аинар-жьи иаӷа-мцеиԥш, еихсыӷьра зықәӡам,
Шьеиларшыгас рыгәқәа рызҭоуп.
Ржьы ужәыр – ртәан еилагылом, рысаӡ цәгьоуп!»
Аслан Занҭариа