Аҧсуа реквием - апремиера

 

С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысыз акомпозитор, адирижер, Аҧсны жәлар рартист Нодар Ҷанба иаҧҵамҭа «Аҧсуа реквием» нанагӡеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Апоет Гәында Сақаниа лажәақәа рыла, иаҧҵоу акомпозициа азкуп Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара. Аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азы акәымзаргьы, маҷк ихьшәаны ицәырыргазаргьы, трагедиала иҭәыз урҭ аамҭақәа ргәалашәара еснагь ҳажәлар ирыцзароуп. Урҭ ахҭысқәеи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иацыз арыцҳарақәеи еиқәырҭуеит. Ҳажәлар рхеиқәырхаразы ицоз ақәҧарақәа ирсимволуп зыӡбахә ҳамоу аҧҵамҭа. Иахьа саркьалҵас ахәаҧшцәа рыгәқәа ирҭыҩит хьааны, гәҽанҵаганы. Абри ауп хықәкыс имаз акомпозитор, анагӡаразы даараӡа аус шадиулазгьы убарҭоуп.

Ахортә капелла ацхраарала ахкқәа нарыгӡон ашәаҳәаҩцәа: Нана Черқьезиа, Елена Анқәаб, Алиас Абыхәба, Алхас Ферзба, иара убас амузыкатә инструментқәа рхархәарала ихәмаруан Мариа Терзиан-Ҳагба, Анастасиа Курочкина, Радмила Џьыкырба, Софиа Кисекова. Иныбжьаршәны рҟазара ддырбон акомпозициа хазырҭәаауаз ахәыҷтәы хор.

Ашәақәа рылхын апоет Гәында Сақаниа лпоезиатә рҿиамҭақәа рцикл. Уи еиднакылеит: «Иа, Анцәа ҳазшаз, Анцәа ду…», «Ҧшьаала ихәыҭхәыҭуеит хара…», «Ианыцәоу амшын, уахынла шәӡырҩы…», «Еиҧырҵуан ани аҧеи…», «Мышкы зны», «Иаҳхылаҧшхәу лахь ҳаумҭан», «Еиҭаҳәашьа сымам», «Еилаҭәон ашьеи ахши», «Зыдгьыл аҿы имҧсыз дыҧсыҵәҟьеит…», «Исаркьалхаз аҵәыуабжь», «Адунеи агәы иқәхаз…», «Амшын матанеиуеит», «Исылшаӡом уаҳа, сышәшьы…», «Ҳаҧсыргьы Аҧсныҟа ҳхынҳәуеит».


В.Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me