Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

15 шықәса аҭакра

Узбеқьисҭан атәылауаҩ изакәанымкәа анаркотикқәа реиҭарсразы 15 шықәса аҭакрала ахьырхәра иқәырҵеит.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, рашәарамза 6 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 апункт «в» (ҷыдала зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи) ала ахара зду, 1998 шықәсазы ииз Узбеқьисҭан атәылауаҩ Шамсиддинов Рамзиддин Вохиџьон иганахьала ахарадҵатә зыӡба аднакылеит.  

Апрокуратура Хада асаит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Шамсиддинов Рамзиддин Вохиџьон ҷыдала зыкапан рацәоу – 30 полиетилентә еилаҳәара рыла еихшаз, 14,281 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «метадон» анаҩс «имаӡоу аҭыԥқәа рҿы рҭаҵәахрала» аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи рзы ахара идҵан. Ахарадҵатә зыӡба инақәыршәаны, Шамсиддинов Р.В. иӷәӷәоу арежим змоу ариаша­ратә колониаҿы 15 шықәса ҭакрала ахгареи 600 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥса аҳәынҭқарра ахашәа­лахәы ахь ахыԥхьаӡалареи иқәҵоуп. Шамсиддинов Р.В. иду ахара нагӡаны дақәшаҳаҭхеит. Азыӡба инагӡоу аверсиа анапаҿы аҭара инаркны 15 усуратә мшы ирылагӡаны аганқәа еиҳау аӡбарҭахь азыӡба иазашшыр алшоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me