Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳақьым дзықәгәыҕуа

Ачымазаҩ ихәшәтәраҿы, ҳәарада, аҳақьым иус хадоуп, аха аҳақьым идҵақәа уи даныҟам аамҭазгьы еиламырцҳакәан  иназыгӡо амедиаҳәшьцәа русура иацуп аҭакҧхықәреи аџьабааи.

Ҵарадыррала аҳақьым иҩаӡара аҟынӡа иҟамзаргьы, иахьеи-уахеи аҳақьымцәа иахьрывагылоу аҟнытә, медиа­ҳәшьцәас ишыҟоугьы, аҳақьымцәа иаарываҟәыло зус здыруа, аҧышәагьы змоу маҷҩым.

Азанааҭдырра зегьы ирыцкуп, аха аҳақьым изанааҭ аҟны ихадароуп аҿабызшәеи алакҭа хааи.

Даара зҿабызшәа хаау, ачымазцәа гәцаракрыла ирзы­ҟоу медиаҳәшьоуп Есма Аргәын-ҧҳа.

7 шықәса ҵуеит Есма Ареспубликатә хәшәтәырҭа аурологиа аҟәшаҿы медиаҳәшьас аус луеижьҭеи. Уи лажәақәа рыла, Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аҟны лҵара аныхлыркәша, аусура дрыдыркылеит уаанӡа апрактика дахьахысуаз ари аҟәшаҿы.

Раҧхьа Есма аус луан аоперациатә ҟәшаҿы, уа 4 шықәса аус анылу ашьҭахь диасит амедиаҳәшьаҷаҧшьаҩыс. Уажәы уахыкиҽнаки дҷаҧшьоит, ачымазцәа ахылаҧшра рылҭоит, агәырқәа уҳәа рзыҟалҵоит, нас хымш лхы дақәиҭуп.

Есма ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, аколлектив реизыҟазаашьа даара ишыбзиоу, ҳәоуеиқәшәала аус шеицыруа, ҭаацәакны ишыҟоу. Хаҭала, Таниа Садина, Фрида Ҭраҧшь, Саида Убириа рҧышәа шлымардоз, урҭ ирҿылҵааз шырацәоу.

 Аурологиа аҟәша аиҳабы Анри Беслан-иҧа Шьоуа иакәзар, даара зус бзианы издыруа, ҭакҧхықәралагьы иазнеиуа ҳақьымуп. «Хаҭала, аҿар даара гәцаракрыла даҳзыҟоуп», – лҳәеит уи.

Аханатә Есма асахьаҭыхра дшазҿлымҳаз, бзиа ишылбоз, уахь лхы лырхаргьы шылҭахыз азгәаҭо илҳәеит, лан лыбзоурала амедицинахь дшиасыз, раҧхьа лгәы шазҭамызгьы, лассы ари азанааҭ агәыблра шылкыз, дагьшахьымхәыз.

Медиаҳәшьак лаҳасабала, раҧхьатәи аоперациа шымҩаҧысыз лгәаларшәо, Есма дҳацәажәон:

– Аоперациа ианалага даара сгәы хыҭхыҭуан, уимоу азныказы снапқәагьы ҵысуан. Ачымазаҩ данҧырҟоз аамҭазы амедиаҳәшьа аҳақьым деиҵамырхакәан дицхраароуп. Аҳақьым ихы иаирхәо аинструментқәа рацәоуп, урҭ зегьы рыхьӡқәа, изакәу еиламырҩашьакәа, зыхьӡ иҳәо аинструмент уи аминуҭ азы инапы иалыркыроуп амедиаҳәшьа. Аиашазы, сара урҭ зегьы шызды­руазгьы, сшазыҟаҵазгьы, азныказы исылымшар ҳәа сгәы бжьажьеит, аха аҧышәа змаз амедиаҳәшьа сгәы лырҕәҕәон, абжьгарақәа исылҭаз рышьҭахь схы снапаҿы иаазган, сус анагӡара сылшеит.

Ҳаиҿцәажәараан Есма иазгәалҭеит адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара ҿкы Ковид-19 аамҭазы, ҩышықәса лҩызцәа амедиаҳәшьцәеи лареи Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы аус шыруаз. Адунеи зегь аҟнеиҧш, ҳауаажәлар рзы иуадаҩыз аамҭазы, тәамҩахә змамыз амедицинатә усзуҩцәа рыгәҭа дыҟан амедиаҳәшьа қәыҧш Есма Аргәын-ҧҳа.

Уи лажәақәа рыла, аковид аамҭазы аусура уадаҩ иабзоураны аҧышәа лырҳаит.

Есма аҧхьаҟагьы лзанааҭ аизырҳара гәҭакыс илымоуп.

«Сара даара сазгәышьуеит раҧхьатәи ацхыраара аҟаҵара, ареанимациаҿы аусура, еиҳа зҭагы­лазаашьа уадаҩу ачымазцәа ацхыраара рыҭара. Ҽнак, ус ареанимациаҿы аус зуа сҩызцәа рахь санымнеиуа ыҟаӡам. Аҳақьымцәагьы алаф саҳәауа иҵаалоит: «Иахьа ареанимациахь бцахьоу?».

Илзеиҕьаҳшьап нас, Есма, агәахәтәхьӡареи ақәҿиарақәеи лаҧхьаҟатәи лыҧсҭазаараҿы.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me