Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Амшынеиқәа абырлаш» аусура иалагеит

Рашәарамза жәаф рзы Очамыра ақалақь аҿы иаадыртит амшын аԥшаҳәа иаԥну, жәаф еихагыла иҟоу аԥсшьарҭатә ҩны «Амшынеиқәа абырлаш». Уи аусура алагара хҭыс духеит ақалақь аҿы инхо мацара рзы акәымкәа, иара араион ауааԥсыра рзыҳәангьы.

Ажәа ахы умҳәакәан анҵәамҭа узалацәажәом. Жәаф еихагыла иҟоу, уажәы шьаҭанкыла зегьы зыԥсахыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхыжьны, зхархәара хацырку ахыбра аргылара иалагеит ханҩажәи­жәабатәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, урҭ хырқәшан 1989 ш. рзы. Усҟан иара «Гранд-Очамчыра» ахьӡын. Жә-нызқь метра ԥшьырқца иҟоу ахыбра амшын аҟәара зынӡа иазааигәаны игылоуп. Аибашьра алагамҭазы зыргылара нап аркыз, аха зынагӡара иахьымӡаз ахыбра ду аибашьраан ааха аҭан, уи ашьҭахьтәи ҩажәи жәаба шықәса рыҩныҵҟа уаҟа уаҳа аусурақәа мҩаԥгамызт. Аобиект асовет аамҭахь иаҵанакуа архитектуратә баҟақәа раҳасаб ала иаанханы иҟан. Аишьцәа-аусдкылаҩцәа Сиҷинаа. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацдыркит жәамз раԥхьа, ари аамҭа иалагӡаны акурортә сезон ҿыц иахьыгӡаны аԥсшьарҭатә ҩны асасцәа аднакылартә еиԥш аҟаҵара иахьӡеит.  Уахи-ҽни рҽеиҭныԥсахланы аус руан шәҩыла аусуҩцәа. Урҭ рџьабаа иалҵшәахеит ҳаамҭа иақәшәо ашәагазагақәа инарықәыршәаны еиҭашьақәыргылоу аԥсшьарҭа ҩны. Уи Очамчыра ақалақь иагәылыҷҷаауа игылоуп иахьа. Араҟа иҟоуп ҩышәи хынҩажәи жәаба номер, аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара хынҩажәаҩык иреиҳауп. Угәы иахәаша акәны иҟоуп аусзуҩцәа реиҳараҩык аҭыԥантәи ауаа ахьракәу.

Аԥсшьарҭатә ҩны асасцәа рыдкылара иалагеит рашәарамза акы инаркны, аха аобиект аофициалтә ҟазшьа змаз аартра мышқәак раԥхьа ауп ианымҩаԥысыз. Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба. Аԥсшьарҭатә ҩны аофициалла аартра символра азызуа ацаха ҟаԥшь хырҵәеит Аслан Бжьаниеи, Михаил Сиҷинааи. Анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада асасааирҭа ауадақәеи, агәабзиарарзҩыдаратә центри идырбеит, изеиҭарҳәеит аԥсшьарҭазҩыдаратә комплекс аусура шеиҿкаау. Агәабзиара-зҩыдаратә комплекс аҩныҵҟа иҟоуп амассажи, акосметологиеи, афизиотерапиеи иахьырхысуа. Агәабзиара шьақәыргыларатә ҟәша аусзуҩ Мадонна Џьапуаԥҳа иазгәалҭоит ақалақь ауааԥсыра гәахәара дула ишрыдыркыло аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны асеиԥш зымҽхак ҭбаау акомплекс аартра. «Ааигәа инхо ауаа алшара роуит хара имцаӡакәан аусурҭа ҭыԥ аиура. Хаҭала саргьы Очамчыра сынхоит. Аргыларатә усурақәа анцоз срыдҵаалеит аусурҭа ҭыԥ азыҳәан. Мап сцәырымкӡеит. Аусура ирыдыркылеит ақыҭақәа рҟынтәи иаауа ԥыҭҩыкгьы. Ауааԥсыра усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара азҵаараҿы ари цхыраагӡа дууп», иазгәалҭеит лара. Арзҩыдаратә центр аҿы мацара аус руеит ҩажәа-ҩык инарзынаԥшуа, ззанааҭ иазҟазоу, хырхарҭа рацәала иазыҟаҵоу аспециалистцәа. 

Аусдкылаҩ Михаил Сиҷинаа иажәақәа рыла, 80-90 процент инарзынаԥшуа аԥсшьарҭа ҩны аусзуҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп, Урыстәылантәи иаарыԥхьаз рхыԥхьаӡара зынӡа ишмаҷу, урҭгьы шамахамзар Аԥсны иузымԥшаауа аспециалистцәа роуп. «Абри аус анхацҳаркыз зегьы ираԥхьагылан ахыдҵа, ауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара. Сгәаанагарала напы злаҳкыз ҳақәҿиеит. Аусзуҩцәагьы рхыԥхьаӡара иҵегь иацлараны иҟоуп, избан акәзар макьана иҟаҵатәу рацәоуп. Сынтәа ҳахьымӡар ҟалап аха ҽаантәи акурорттә сезон аҿынӡа урҭ зегьы хыркәшахоит. Аҭыԥантәи анхацәа адгылара ҳарҭоит. Ҳганахь ала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҭакԥхықәра ҳаракыла аус ауразы. Макьана даара ирацәоуп ҳгәы иҭоу, иацаҳҵаша», – иҳәеит аусдкылаҩ.

Ари аԥсшьарҭа ҭыԥ аҟнытә шықәсык аҩнуҵҟа Очамчыра араион абиуџьет иаланагалоит 30 миллион мааҭ инареиҳаны ашәахтәқәа. Уи, ҳәарада араион азы акырӡа ихырҳагоу шьаҿоуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсшьарҭатә ҩны аартраҿы далацәажәеит аиԥш зеиԥшу ахыбра Аԥсны Мрагыларахьтәи ахәҭаҿы аартра аҵакы.  Аԥсны Ахада Иусԥҟала аусдкылаҩ Михаил Сиҷинаа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп, абри атәы ҳәан аартра аан. Убри аан Михаил Сиҷинаа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра анапхгареи, Очамчыра ақалақь ахадареи, араион ауааԥсыреи ирҭаз агәрагара аҭакԥхықәра ду шиднаҵо, араион ацхыраара аҭараҿы имч-илша дшамеигӡо атәы. 

«Амшынеиқәа абырлаш» аартра раԥхьатәи шьаҿоуп Очамчыра курорттә қалақьк аҳасаб ала, уаанӡа иамаз ахьӡ-аԥша азырхынҳәра азҵаараҿы, – иҳәеит араион ахада Беслан Бигәаа. Иара агәрагара ааирԥшит уи аусура араион аекономикатә рбагақәа инарҵа­уланы ишырныԥшуа азы.

Иахьатәи аамҭазы «Амшынеиқәа абырлаш» аҟны рыԥсы ршьоит шә-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылантәи аԥсшьаҩцәа. Ауадақәа реиҳарак аанкылоуп, заатәи арбагақәа рыла ҳазҭоу амза нҵәаанӡа аԥсшьарҭатә ҩны ауадақәа зегьы ҭәраны иҟоуп. «Аԥсшьарҭа ҩны» иамоуп ахатәы саит, уаҟа иарбоуп ахәқәа зегьы, иара убасгьы аекскурсиақәа инадыркны амш зеиԥшроуи, амшынӡы аҟәандареи рҟынӡа, аԥсшьаҩы изы ихәарҭоу аинформациа зегьы.


Елана Лашәриаԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me