«Сгәы иаанагоит, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц амаҵзурахьы инеира хьаада имҩаҧысып ҳәа. Агәра згоит, аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа зыӡбақәак идикыларым ҳәа. Сгәыӷуеит, аҵыхәтәантәи хышықәса раахыс иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирыцҵаны аҿиара роуп ҳәа", –иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит атәылаҟны аҭагылазаашьа шымариам. "Хаз игоу хырхарҭақәак рыла иҟоу алҵшәақәа шыцәгьамгьы, ауаажәларра ирҭахуп азинхьчаратә усбарҭақәа иааидкыланы, иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрраҟны аусура иҵегьы еиӷьзарц", – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада, иара убас Вальтер Быҭәба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы.