Аминистр амедицинатә центр – иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс аус зуа, еицырдыруа Гагратәи аминералтә ӡқәеи атыҩшаӡритәи аҳәынҵәалахәышәтәреи ирызку абальнеологиатә хәышәтәырҭа даҭааит. Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аусура иаҟәыҵит 2010 шықәсазы, аха хәажәкырамза 2022 шықәсазы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, уи ҩаԥхьа аусура иалагеит.
Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡритә аҵхырҭа ахәышәтәратә ҟазшьақәа рыла адунеи аҿы иреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ацентр аҿы иҟоуп 52 атыҩшаӡритә ваннақәа, убри аҟараҵәҟьа ыҟан асовет аамҭазгьы.
«Ацентр азы амедицинатә еиқәыршәагақәа зегьы Урыстәылантәи иаахәаны иааргеит. Аваннақәа апациентцәа рыкапани роуреи рыҭбаареи ахьеиԥшым ҳасаб азуны шәагаала еиуеиԥшым. Атехникатә усура алагалара амедицинатә маругақәа рынџьныр ихылаԥшра аҵаҟа имҩаԥысуеит», – азгәалҭеит Валентина Верхотурова. Абальнеологиатә хәышәтәырҭаҿы аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ рахьынтә 34-ҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп.
Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, иарбоу абальнеологиатә хәышәтәырҭаҿы сааҭк ала ирыдыркылар алшоит 104-ҩык рҟынӡа апациентцәа. Анаҩс аминистр Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵәышәба дицны ақалақьтә мшынҭаларҭа аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Ҭеимураз Хышба уаҟа аԥсеиқәырхагатә станциа аус аура шеиҿкаатәу, насгьы асанитар-епидемиологиатә станциа амшынӡы лассы-лассы агәаҭарақәа рымҩаԥгара шахәҭоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.