Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа аусеицура, Аԥсны аекспорт-импорттә лшара, иара убас аԥышәа аимдара алыршара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
«Адунеи зегьы аҟны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа активла аусеицура рыбжьоуп, ҳаргьы ҳазгәдууп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҳәаанырцәтәи аҩызцәа рымадара ахьҳамоу. Ҳусеицура агеографиа есааира аҽарҭбаауеит, Аԥснытәи аусдкылаҩцәа Ҭырқәтәылатәи рколлегацәеи дареи шықәсырацәалатәи еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьало азы агәыӷра рымоуп», – иазгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы.
Тамила Мырцхәлаа аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара иҟоу атауареикәыршара есышықәса ишацло азгәаҭо, урҭ аринахыс еиҳа-еиҳа ишрыцло азы агәыӷра шлымоу аалырԥшит. Иара убас, Ҭырқәтәыла, ахәҭакахьала ақалақь Бурса хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора шынхо, насгьы урҭ адгылара ҟарҵап ҳәагьы агәыӷра шыҟоу азгәалҭеит. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата адиректорцәа рхеилак алахәыла Ҳақан Баҭмаз реиҿкаара аҭоурых иааркьаҿны далацәажәеит. 1889 шықәсазы акреилызцоз абизнесменуаҩы ила иаԥҵаз Бурса ақалақь Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу ахәаахәҭа-ааглыхратә палатақәа иреиҳау акәны иҟоуп. Уи иалоуп 55 нызықь инареиҳаны анаплакқәа, урҭ реиҳарак – имаҷуи ибжьаратәуи абизнес анаплакқәа роуп. Ҳақан Баҭмаз иара убас ҳаԥхьаҟа Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аус ацура шыҟало азы игәаанагара иҳәеит.
«Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳара ахшыҩзышьҭра аҭаны Аԥснытәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусура шҭаҳҵаауаз, убри аан гәахәарыла ишазгәаҳҭаз уи мҽхакы ҭбаала инанагӡо аусура, шәара Аԥсны еиԥш, аҳәаанырцәгьы имҩаԥыжәго аусмҩаԥгатәқәа шаҟа ирацәоу», –иазгәеиҭеит Ҳақан Баҭмаз. Уи Бурса ақалақь абасратә ааглыхра, автомашьынатә, ихьанҭоу ааглыхреи рыла ишеицырдыруа азгәеиҭеит. «Ҳара иҳамоу аԥышәа аимдара ҳазхиоуп, шәбизнесменцәа ирыдаагалашагьы ҳамоуп», – иҳәеит Ҳақан Баҭмаз.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа аилибакааразы Амеморандум рнапы аҵарҩит, агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.