Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сергеи Багаԥшь инышәынҭраҿы

Маи 29 азы 12 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи (1949 март 4 – 2011 маи 29).

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәарц Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан инеит Аҳәынҭ­ Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭы­ԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла анапхгара рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит 1949 шықәса март 4 азы Аҟәа. Ажәабатәи аԥсуа школ даушьҭымҭоуп. Далгеит агроном изанааҭ иманы Асубтропикатә нхамҩа аинститут. Аҵара шиҵозгьы, аҩызауад аҟны усуҩыс, Аҳәынҭбанк аҟны инкассаторс аус иуан.

1992-1993 шықәсқәа раан Багаԥшь инапы алакын Аԥсны атәылахьчара абџьарла, џьаԥҳаныла, былтәыла, ахәшәқәа рыла, фатәыла аиқәыршәара. Аиҿкааратә усура ду мҩаԥигон Алада Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази рхатәгәаԥ­харауаа рыҩнуҵҟа. Уи иԥышәеи, идырреи, Москва имаз аимада­рақәеи даара акырӡа рыҵаркуан аблокада аан Аԥсны аԥсҭазаара иаҭахыз ала аиқәыршәаразы. Иара убас дрылахәын ақырҭуа-аԥсуа еимакы ҭынч мҩала аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа.

С.Багаԥшь ихаан Аԥсуа ҳәынҭқарра аиурисдикциа еиҭашьақәыргылан аибашьра ашьҭахь Қырҭтәыла амчрақәа зхылаԥшуаз Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭаҿы.

Хьыӡҳәала Багаԥшь иаан исуверентәу ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны официалла иазхарҵеит Урыстәыла, анаҩс – Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалу.

Сергеи Багаԥшь хадара ззиуаз Аԥсны аофициалтә делегациа 2010 шықәса август азы раԥхьаӡа акәны ирҭааит Алатинтә Америка атәылақәа.

Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла ианазханаҵа ашьҭахь, раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министр Владимир Путин (2009 ш.), 2010 ш. август азы акәзар – Урыстәыла усҟан Апрезидентс иҟаз Дмитри Медведев.

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 63 шықәса дшырҭагылаз 2011 шықәса маи 29 азы Москва, Афедералтә медицина-биологиатә клиникатә хәышәтәырҭаҿы. С.У.Багаԥшь анышә дамадоуп Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан рҭаацәаратә ԥсыжырҭаҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me