Мшаҧы 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа жәаҧҟақәа

Ажәлар рҟәыҕара, рыхшыҩҵарра, зегь рылымкаа, ажәаҧҟақәа ирныҧшуеит. Ишаадыруа, ажәаҧҟа ҳәа иашьҭоуп еилацалоу, исахьарку ахшыҩҵак змоу ажәаҟәыш (ажәеиқәыршәа).

Асеиҧш иҟоу ажәа иаанарҧшуеит ажәлар рҟәышра, рыҧсҭазаара аҧышәа, разгәҭарақәа. Насгьы ари аҧышәа азгәаҭарақәеи ажәлар аидкылара, арҳара иаҿын шәышықәсарацәала, жәытәнатәӡа аахыс. Ус анакәха, уи аҧышәа, адоуҳатә мал аҵабыргра, аиашара есааира иара аҧсҭазаара ахаҭа иҧнашәон, ишьақәнарҕәҕәон. Убри азыҳәан акәхап ажәаҧҟақәа иргәылоу ахшыҩҵак, аҟәышра аҧыргара зуадаҩу, акырџьара уақәшаҳаҭымхар замуа.

Хә.С.Бҕажәба. (1983)

* * *

Ааҧын ҧшӡоуп шәҭыла,

                    аҧхын – ҽаҩрала.

Ааҧын жәҩан агәы кылҵәоуп.

Ааҧын илоумҵаз – хкаарачан иузҭагалом.

Ааҧын илоуҵаз ҭагалан иуҧылоит.

Аамҭагь ушьҭа анхалоит – иузанҵар.

Аарҩара иагаз – ақәа иаанагоит.

Аашьышь анцәыцәы – абга иашьҭалт.

Аашьа аӡы ахьшәашәара

                               еигәышә ҧынҵала игәеиҭон.

Аашьареи ахәышҭаареи – еишьцәоуп.

Аашьаҩ иҽага ахәы иахшәоит.

Аашьаҩы «саб иҽага сымандаз,

                                    ега срашәарын», – иҳәеит.

Аамҭа иунаҭо ахәра – аамҭа иарҕьоит.

 

* * *

Абгахәыҷы аҵыхәа шаҳаҭс иҟанаҵон.

Абзиабара ахьыҟам – гәырҕьара ыҟам.

Абаҕба аҽы нади дақәтәаргьы – иҽыҩхоит.

Аб дыцхоуп, ан дыцхахәшоуп.

Абаҩ еибгазар – ажьы ақәлоит.

Абга чынчха – абга иафоит.

Абжьаҟәаа ирықәгәыҕны зҧаҵа зырҟәдыз (зсаз).

Абзиара уны аӡы иаҭ, ацәгьара уны аҵәы иахаҵа.

Абзамыҟә дыҟамзар – аҟәыш криҿазҵодаз?

Абаандаҩы – «сзышәҭиуазеи» аниҳәа, –

                                               «уҧаҵа еицаҟьоуп» ҳәа иарҳәеит.

Абзиеи абзиеи анеиқәшәа – еибагоит хара.

Абзиабара мыцхә – ауаҩы данаргаӡогьы ҟалоит.

Абџьарҵас иҭҟьоит угәы иҭашыз, аҵабырг иахшаз ажәа.

Абз баҩ алам – иаурҳәалак аҳәоит.

Аб ацәгьа иур – ахшара ихьӡоит.

Абга иагьа аҿоуҵаргьы – абнахь иҧшуеит.

Абзиа ушашьҭоу, цәгьас уаныҟарҵа –

                                            убри еиҧш малаҽыршьыга убахьоу.

Абз змоу – ацуҭа итәуп.

Абга шнарцоз – «уаскьаҧ, уаскьаҧ», – аҳәон.

Абарҵа инармышьҭуаз – аҩнаргәы даҳәон.

Абз бааҧс – ахьӡ бааҧс арҿиоит

Абз зырманшәало – зҿы иҭоу иоуп.

Абзамыҟә акгьы анимҳәо – дҟәышуп.

Абга ахәыжә аҧсахуеит, аха ацәаҩа азыҧсахуам.

Абгахәыҷы анҧсуаз, – «схы акәытҵарахь ишәырха» – аҳәон.

Абна кәаза зыршәыршәыруа – амаҵәқәа роуп.

Абҕа џьыҟә – адамра дариашоит, ауаҩ кьакьа – алаба.

Абаҩ зырҧшӡо цәеижьуп, ацәеижь зырҧшӡо маҭәоуп.

Аблақәа еишьцәоуп, аха изеибабом.

Абаа нацәкьысла иагәҭасыз ҳәа.

Абз татоуп, аха ахаҧыц еиҳа ннаҵуеит.

Абга ауаса иашьҭан – издыруада акьаҧа ҿшәаны икашәозар ҳәа.

Абнатә (атәым) рбаҕь аҩнатә рбаҕь дәылнацон.

Аблеи аблеи еицәыҧхашьоит.

Абзиа иацлабыз – мышкы ибеит.

Абнаршәыра, уаҩҧсы иаҳарым ҳәа, маӡа  цәажәарҭас иҟоумҵан.

Абеиареи аҕарреи наҟ-ааҟ еишьҭоуп.

Абз – хҿоуп, аҵыс мҩас абла ҭнахуеит.

Абзамыҟә дурҽхәар дҧагьахоит.

Абҩатә ҩны иҩназгьы, бҩа ҵәымҕк игхеит.

Абгахәыҷы, «кәтыжь уфарыма» – анырҳәа, ачча иакуан.

Абз – агәы иаҭарџьмануп.

Абга иацәшәаз – амшә дагәыдҳалт.

Абз уаҩ дахәуеит, дагьахәшәтәуеит.

Аб дмақарыҩхар, аҧа дыҵҟьаҩхоит.

Абнагьы алымҳа амоуп, адәгьы – абла.

Абзиабара зыҩноу аҩны – алашара агхом.

Аб ҽада – аҧа ҽадҳәыс.

Абз – ахшыҩ иамаҵуҩуп.

Абз ҕәрас иаҿоу хшыҩуп.

Аб икәал – аҧа дықәлоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me