Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диижьҭеи 130 шықәса ҵит

Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диит 1893 шықәса маи 1 азы Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит. Аҵара иҵон ауахәаматә школ аҟны, анаҩс иқыҭа гәакьаҿ ҩ-класск змаз ашкол далгеит. Дшыхәыҷыз инаркны деилҟьан, дҵарын. Қарҭтәи адоуҳатә ҵараиурҭагьы далгеит. Уаҟа аҵара иҵон 1905-1910 шықәсқәа рзы. Анаҩс, иара убас дҭалеит адоуҳатә семинариа. 1911 шықәсазы ареволиуциа апропаганда ахьыҟаиҵоз азы дҭырцеит. Иара убри ашықәс азы Баҭымҟа дцеит, ихала иҵара иациҵон. 1912 шықәса сентиабр азы РСДРП (б) далалеит. Апартиатә усура мҩаҧигон Аҷара. Аха уаҟа дықәымҵыр ада ҧсыхәа имоуит, аамҭақәак Аҧсны дыҟан, нас – Грозныи. Уаҟа Волга-Камсктәи абанк аҟәшаҿы аус иуан. 1915 шықәса маи азы екстернла далгеит Грознитәи ареалтә ҵараиурҭа. 1916 шықәсазы Харковҟа дцеит, дагьҭалеит уатәи ауниверситет аиуристтә факультет, аха иҵара ааныжьны Аҧсныҟа дымхынҳәыр амуит.

1917 шықәсазы Лакоба еиҿикааит анхацәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ "Кьараз", хадарагьы азиуит. 1918 шықәсазы ақырҭуа меньшевикцәа реиҳабыра ирҿагыланы ақәгылара еиҿызкааз дыруаӡәкын, Аҟәатәи аррареволиуциатә комитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. 1918 шықәса анҵәамҭазы аменьшевикцәа реиҳабыра даанкыланы Аҟәа абахҭа дҭаркит. Атәыла далцан.

1920 шықәсазы РКП (б) Ацентр Комитет Кавказтәи абиуро анапынҵала англыз архәҭақәа ирымпыҵархалаз Баҭым аҟны маӡала абольшевиктә усура напхгара аиҭон, ашьхарыуаа русқәа рзы Ҟубан-Амшынеиқәаҿықәтәи аревком аусқәа инапы ианын.

Хаҭала Ленин инапынҵала Ефрем Ешбеи иареи Ҭырқәтәыла иҟан. Активла иалахәын Ҭырқәтәыла Амилаҭтә еизареи РСФСР-и рыбжьара аиқәышаҳаҭра азыҟаҵара.

1921 ш. март 6 азы Аҟәа еиҿкаан иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә, адҵаҟаҵаратә усбарҭа – Аҧсны Аревком. Уи иалан Ефрем Ешба (ахантәаҩы), Нестор Лакоба, Николаи Ақырҭаа. Лакоба – Аҧсны аревком ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс, Аҧсны аиҳабыра рыррамшынтә мчқәа реиҳабыс дыҟан. 1921 шықәсазы Лакоба аҭаацәара аҧиҵеит, хатәҩызас дааигеит Сариа Џьих-оҕлы.

1922 ш. инаркны 1930 ш. азынӡа Лакоба Аҧсны Жәлар Ркомиссарцәа Рсовет Ахантәаҩыс дыҟан. 1930 шықәсазы Аҧсны иаҧыхын Жәлар Ркомиссарцәа Рсовет. Нестор Лакоба далхын ареспублика Ацентртә Анагӡа­ратә Комитет Ахантәаҩыс, абри аҭыҧ аҟны аус иуан иҧсҭазаара далҵаанӡа – 1936 ш. азынӡа. Аҩажәатәи ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа раан акырӡа зҵазкуаз аекономикатә, акультуратә еиҭакрақәа ҟалеит. Уи иарбанзаалак аус рҿиаратәла дазнеиуан, хшыҩзышьҭра азиуан аҭыҧантәи аҷыдарақәа, ҳажәлар рменталитет. Уи иӡомызт аколнхарақәеи аколлективизациеи рацәак дышрыдымгылоз, араҟа урҭ рымҩаҧгара мчылатәи аҟазшьа амамызт. Асеиҧш иҟаз иполитика аиҭакрақәа рганахьала Сталин иплан иаҿагылон, Сталин Нестор акритика изыҟаиҵон  абольшевиктә политика ахьымҩаҧимгоз азы.

Лакоба ажәлар рвождс дрыҧхьаӡон. Уи ауаа идикылон иҭыҧ аҟны мацара акәымкәа, амҩақәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны. Абри аамҭазы, ҷыдала 1921-1931 шықәсқәа рзы Аҧсны "насыҧ змоу, ишәҭыкакаҷуа" атәыла ҳәа азырҳәон. Ирацәаҩны апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, арежиссиорцәа абрахь иаауан, аҽыҧхьакырҭа рыҧшаауан. Убарҭ иреиуан: К.Паустовски, В.Каменски, З.Рихтер, С.Есенин, В.Шершеневич, М.Шагиниан, М.Горки, А.Белыи, И.Бабель, М.Булгаков, О.Мандельштам, Н.Фореггер, П.Павленко, В.Шишков уҳәа егьырҭгьы. Лассы-лассы сасцәаны Аҧсныҟа иаалон Л.Троцки, И.Сталин, Л.Каменев, Г.Зиновиев, Н.Бухарин, А.Рыков, В.Молотов, Ф.Ӡержински, А.Микоиан уҳәа аӡәырҩы.

Лакоба иҭахын Аҧсны Қырҭтәыла иадхны, РСФСР алаҵара. 1935 шықәса анҵәамҭазы Сталин Лакоба иахь ахшыҩзышьҭра ду ааирҧшуа далагеит, идыргалоит Москваҟа аусура диасырц, аха мап ацәикуеит. Аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба излашьақәирҕәҕәо ала, Н.А.Лакоба идыргалон аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы Жәлар Ркомиссариат ахантәаҩы иҭыҧ.

Лакоба далахәын СССР Аконституциа ҿыц здызкылаз Асоветқәа аабатәи Зегьеидгылоутәи реизара ҷыда (1936 ш. ноиабр 25 – декабр 5).

Аҧсныҟа даныхынҳә, мышқәак ааҵуаны Қарҭ имҩаҧысуаз апартиатә актив реизарахь иҧхьеит. Уахь амҩа дықәлеит декабр 26 ахәылҧаз. Лакоба даанҿасит асасааирҭа "Ориент" аҟны. Адырҩаҽны ашьжьымҭан Лакобеи Бериеи ажәа еимаркит, нас исасааирҭахь дхынҳәит. Ахәылҧаз Бериа иан аҭел дасны Лакоба диҳәеит уаххьафара дырҭаарц. Абри ашьҭахь, Лакобеи Бериа иҧшәмеи еицны атеатр ахь ицеит. Абраҟа ихы ҽеимкәа ибо далагеит. Асасааирҭахь дыргеит, убраҟа иҧсҭазаарагьы далҵит. Аҭҵааҩцәа жәпаҩык ргәы излаанаго ала, Бериа иҩнаҭаҿы акранифоз ахәшә ирҭеит. Иагьышьақә­дырҕәҕәоит, Лакоба иҧсы ихыҵа­анӡа Бериа иоуп сызшьыз ҳәа иҳәеит ҳәа.

Лакоба иҧсыбаҩ Аҟәаҟа иааргеит 1937 шықәса ианвар 1 азы. Иҧсыжраҿы жәанызқьҩык инареиҳаны ажәлар еизеит. Аамҭақәак анҵы Лакоба "ажәлар драҕоуп" ҳәа рыларҳәеит. Абри анрыларҳәа ашьҭахь, уахык Аботаникатә баҳчаҿы анышә иамадаз иҧсыбаҩ ыҵхны Михаиловсктәи аҧсыжырҭахь иргеит. Дырбаандаҩын иашьеиҵбы – Михаил, ашьҭахь дыршьит. Дук хара имгакәа иҭаркит Нестор Лакоба иҧшәма Сариа Лакобеи (Џьих-оҕлы) 14 шықәса зхыҵуаз рыҷкәын Рауфи, иара убас Нестори Сариеи рҭынхацәа зегьы. Рауф дыршьит Бутыртәи абахҭаҿы 1941 ш. ииуль 28 азы. Нестор Лакоба ашьҭахь дыриашан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me