Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Апрель 25 аҽны адыга (ачерқьес) бираҟ Амш иазкын Аҟәа, ахәылԥаз Амҳаџьырцәа Рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысыз агәырӷьаратә ныҟәара. Уи иалахәыз адыга, аԥсуа бираҟқәа шьҭыхны С.В. Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа аҟынтәи Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иааит. Уаҟа имҩаԥысит Адыгеиеи Аԥсни рырҿиаратә коллективқәа рконцерт.
Аныҟәара иалахәын 60-ҩык раҟара. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан адыга диаспора ахаҭарнакцәа, Ҭырқәтәылеи рҟынтәи амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра, аҳҭны-қалақь асасцәа. Акциа иалахәыз аӡәырҩы Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә маҭәақәа рыла еилаҳәан.
Аконцерттә программа иалагаанӡа аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аешьаратә адыга жәлар ирыдиныҳәалеит Абираҟ Амш, ирзеиӷьишьеит аҭынчра, ақьиара, ашәҭыкакаҷра.
Ачерӷьесцәа Рассоциациа ахантәаҩы Валери Маремкулов аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ашҟа ҭабуп ҳәа иҳәеит иҟарҵаз адгыларазы.
«Иахьа – Адыгцәа рзы акырӡа зҵазкуа амшқәа ируакуп. Аԥсуа бираҟ аҟны аеҵәа, ашкәакәа ԥштәқәа еиларсуп. Ҳаԥсуа бираҟ анаҩсангьы, ҳара иҳамоуп бзиа иаабо, иҳазгәакьоу адыга бираҟ. Уи абираҟ сара сгәаҵаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит», – иҳәеит Нхыҵ-Кавказ аҟнытәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа-аветеранцәа аус рыцура азҵаарақәа рзы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.
Аныҳәа хыркәшан адыга шәақәеи акәашарақәеи рыла.