Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәалашәаратә хәылԥазы

Маи 1 азы Гәдоуҭа ақалақь аҟны Аԥсны иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит.

Аҳәынҭқарреи Гәдоуҭа араиони рнапхгаҩцәа, ауаажәларра, аижәлантәқәа Лакобаа, Аԥсны Акоммунисттә партиа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа Н.А.Лакоба ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит Лакоба игәалашәара ахәылԥаз. Уи даҭааит аҳәынҭқарра Ахада.

Акультура Аҩны уахьааҩнало еиҿкаан Лакобеи уи иҭаацәеи ирызкыз афотоцәыргақәҵа.

Ахәылԥаз аартуа, Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иазгәеиҭеит Нестор Лакоба иԥсадгьыли ижәлари аԥхьа иширгылоз.

Ашколхәыҷқәа еиҭарҳәеит Нестор Лакоба иԥсҭазаара, 30-тәи ашықәсқәа раантәи атрагедиатә хҭысқәа, иара убас урҭ Лакоба изкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Ахәылԥаз аҟны идырбан адокументтә фильм. Уаҟа лгәалашәа­рақәа ртәы лҳәеит Адиле Аббас-оӷлы. Уи Сариа Лакоба лашьа иԥшәма лакәын.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа еизаз идлырбеит Сталини Бериеи ррепресиақәа ирылаӡыз ирызку лышәҟәқәа.

Ахәылԥаз аҟны иқәгылеит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахиа, Лыхны ақыҭа абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Валикәа Гобечиа, аижәлантәқәа Лакобаа рхаҭарнакцәа.

Аиубилеитә усмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа.


Акьыԥхь иазирхиеит  Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me