Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсынтәыла агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Уаҟа иазгәаҭоуп: «Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. 108 шықәса раԥхьа, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ихамшҭыхәны иҟалаз арыцхә, харада индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы. Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара рыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Аԥсни уи анҭыҵи инхо аерман жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа, агәабзиара».