Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз ҩеижәиак зҵаара шьақәырҕәҕәан, урҭ рахь иацҵан даҽа х-зҵаарак. Аусура иалагеит Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьараан ирыдыркылаз изыцҵоу ахә азы ашәахәтә азакәан апроект ала. Араҟа иалагалоу аиҭакрақәа ашәахтә иаҵанакуа акатегориақәа ҳәаақәырҵоит. Ари азакәан апроект рыдыркылеит ахҧатәи, аҵыхәтәантәи аҧхьарала.

Иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Фазылбеи Аҩӡба аус ахьиуаз асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемо­графиеи, аветеранцәеи, аибашь­ра аивалидцәеи рызҵаарақәа рзы акомитет аҟынтә аграртә политикеи, аҧсабара амазареи, аекологиеи ркомитет ахь диаго­уп. Адепутатцәа зегьы еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

Жәлар Реизара адепутат Бес­лан Ҳалуашь иҟаиҵаз ажәалагала азкын Амилаҭтә банк афинанстә нхамҩатә ҭагылазаашьа агәаҭара. Адепутат иазгәеиҭеит иахәҭаны ишиҧхьаӡо иахьа ҳмилаҭтә банк иааидкылан аусушьа, иагу-иаб­зоу аилкаара, ауааҧсыра рымаҵ шауа, ирырҭо акредит шаҟа артәо уҳәа агәаҭара ахацыркра дшадгы­ло. Жәлар Реизара аҟны иазгәаҭан ари ажәалагала уажәазы иаанкы­лазарц, иааиуа аилатәарақәа руак аҟны иахәаҧшырц.

Аиҭакрақәа алагаланы , аҩбатәи аҧхьарала ирыдыркылеит аӡыргаразы азакәан апроект. Уаҟа еиҳарак иззааҭгылаз иреиуоуп аҭаҭыни аелектронтә ҭаҭыни рӡыргаразы ахара адҵара. Ари азҵаара дазааҭгыло Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит иахьа аелектронтә ҭаҭынқәа зхы иазырхәо ақәыҧшцәа шырацәаҩхаз, иара убасгьы ахәыҷқәа. «Аелектронтә ҭаҭын афҩы амаӡам. Ахәыҷы уи да­хазаргьы иҭаацәа ирцәыуадаҩуп аилкаара, рыблала ирымбакәа. Арҵаҩцәеи аҭаацәеи ари азҵаара агәҭынчымра ду рызцәырнагоит, иара убас ҳаргьы. Аелектронтә ҭаҭын аҿар ргәабзиара ашәарҭара ҕәҕәа иҭанаргылоит. Убри аҟнытә, иазхәыцтәуп иаарласны уи Аҧсныҟа аагара аҧзырҟәҟәаауа азакәан», – иҳәеит Лаша Ашәба. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит аӡыргаратә ҭӡқәа рҟны аҧыжәара амазарц шахәҭоу ҳхатәы бызшәа – аҧсшәа.

Жәлар Реизара аилатәараҿы маӡалатәи абжьыҭарала дал­хын ауаҩы изинқәа рыхьчара зҭакҧхықәу. Иқәыргылаз акандидатурақәа Диана Керселиани Анас Кьышьмариеи рахьынтә адепутатцәа адгылара лырҭеит Анас Кьышьмариа. Лара лакәзар, ари даараӡа аҭакҧхықәра зцу аус аҟны илылшо зегьы шыҟалҵо ала ҭоуба луит. Иара убасгьы ари аҽны Жәлар Реизара аилатәараҿы маӡалатәи бжьыҭарала дал­хын Аҧсны аконтрольтә пала­та анапхгаҩы. Ари аҭыҧ аан­кыларазы иқәыргылан ҩыџьа ркандидатурақәа. Кама Гогиаҧҳаи Каха Пертаиеи. Адепутатцәа рыбжьыҭара ашьҭахь еилкаахеит жәаа-ҩык жәлар ралхыҩцәа Каха Пертаиа рыбжьы ширҭаз.

Акадртә зҵаарақәа ирыцҵо Жәлар Реизара аилатәараҿы Амилаҭтә банк ахеидкыла ахаҭарнакс дҟаҵан Роберт Агрба.

Жәлар Реизара аилатәараҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа иреиу­оуп аекскурсиақәа рымҩаҧгара иадҳәалоу азакәанпроект. Уаҟа изларбо ала, аекскурсиа амҩаҧгаразы алшара рымоуп иреиҳау аҵараиурҭа иалымгац, жәаа шықәса зхыҵхьоу. Аха убри аан аекскурсиа иадҳәалоу иҷыдоу акурсқәа дрылгахьазар ауп.

Адепутат Дмитри Маршьан дыззааҭгылаз азакәан про­ект азкын аинвестициақәа рҳәаақәҵара. Уи иажәақәа рыла, ари азакәанпроект хырхарҭала еиҳарак изызку Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа ауп. Уи иалнаршо­ит аинвесторцәа русура ашәахтә аганахь ала арманшәалара. Ари азакәанпроект алацәажәараан аимак-аиҿак цәырҵит. Агәаанагарақәа рацәахеит. Убри аҟнытә, иазыӡбан макьаназ аанкылара.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ирзааҭгыланегьырҭ азҵаарақәагьы.


Ш. ТОРЧУА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me