Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Валери Берхамов ихьӡ ахҵоуп

Очамчыра араион Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак иахҵоуп Леон иорден за­нашьоу Валери Берхамов ихьӡ. Валери Берхамов хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра дааит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубли­ка ақалақь Бақсан аҟынтәи. Иара ихыҵуаз жәаф шықәса ракәын. Афырхаҵа дҭахеит марттәи ажәылараан.

Валери Берхамов ихьӡ зху акласс Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аҿы аартра иазкыз аофициалтә хәҭахьы ииасаанӡа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа идикылаз, ааҧхьара змаз асасцәа рыбжьара иҟан ҷыдала ари аусмҩаҧгатә аҽалархәразы Ҟабарда-Балкариантәи иааз аделегациагьы. Асасцәеи аҧшәмацәеи ашәҭқәа шьҭарҵеит иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала ақалақь агәаны игылоу абаҟа амҵан.

Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак Леон иорден зана­шьоу аибашьҩы гәымшәа Валери Берхамов ихьӡ ахҵаразы агәҭакы анцәырҵ, Очамчыра араион аха­дареи Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аиҳабыреи ахшыҩҵак иа­разнак адгылара арҭеит.

Валери Берхамов ихьӡ Аҧсны иззымдыруа дарбану. Иара диит Ҟабарда-Балкариа, Аҧсны аӡбахә иаҳахьан ада ахаан­гьы имбацызт. Аха еибашьра­ла ақырҭқәа шақәлаз аниаҳа иӡбоит аибашьра ацара. Ашкол иҭаз ахәыҷы иҭаацәа ирыцәӡаны, қәрала еиҳабыз игәыла ҷкәын ишәҟәқәа рыла Аҧсныҟа даауеит. Аҧсны ахьыҧшымра иҧсҭазаарагьы ақәиҵоит. Аҧсныҟа иаара бжьымзы шагыз Вале­ри иан лыҧсҭазаара далҵуеит. Жәа-класск рҟны итәаз арҧыс аҩныҟа данымаа иаб дишьҭалеит, аха ихахьгьы изаагомызт еи­башьра дцеит ҳәа. Март мза алагамҭазы аибашьҩы дгьежьу­еит иҩныҟа. Иаб ажәагьы ииҭоит уаҳа Аҧсныҟа дшымцо азы. Аха хатәгәаҧхарала ара еибашьуаз шьоукы рҟынтә иаҳаит зымҽхак ҭбаау ажәылара ду аҽазыҟаҵара шцо. Еиҭахгьы иаб иамҳәаӡакәа уи марттәи ажәылара аҽалархәразы деиҭаауеит, дагьҭахоит.

Аусмҩаԥгатә ахьымҩаҧысуаз ашкол аспорттә зал аҟны еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит аибашьраан иҭахаз аибашьцәа. Иара абраҟа иаартын Валери Берхамов ифотосахьақәа ахькыду, ифырхаҵаратә мҩа атәы еиҭазҳәо акыдҩыла зну аҭыӡҕәы. Валери Берхамов ифырхаҵаратә мҩа атәы далацәажәеит афырхаҵа ихьӡ зху акласс аартра иазкны Акәасқьатәи абжьаратәи ашкол аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҟны иқәгылаз Леон иорден занашьоу, Аҧсны иааны хатәгәаҧхарала еибашьуаз Ҟабарда-Балкариатәи рхеилак ахантәаҩы Сергеи Иаха­гоев.

Аибашьра адәаҿы арҧыс дгәымшәаны ихы ааирҧшуан, убри аан даара длафҳәаҩын, ибзиаӡаны агитара аирҳәон, аб­жьы бзиагьы ихан. Сышхысуа аасҭа еиҕьны сшәаҳәоит ҳәа ихы дахлафаауа ииҳәалоз иажәақәа аҭоурых иазынхеит. Валери Бер­хамов жәаф шықәса шихыҵуаз иҳәаӡомызт, аҩныҟа дрышьҭыр ҳәа дшәаны. Дҭахеит март жәаа рзы. Ишырҳәо ала, иареи даҽа еибашьҩыки цеит ахәцәа ралга­ра. Амҩақәа кны аӡы аҧшаҳәа ихықәгылаз ақырҭцәа ркәылӡтәы техникеи аҭыҧқәа аанкыланы изкыз аҕацәеи аӡиас урсыртә алшара ҟарҵомызт. Валери Бер­хамов иқәшәаз ахы иаразнак иҧсҭазаара ҿахнаҵәеит.

Еизаз рҿаҧхьа иқәгылаз Акәасқьатәи абжьаратәи аш­кол аиҳабы илҳәеит ҳаҭыр дуны ишылыҧхьӡо Валери Берхамов ихьӡ ашкол аклассқәа руак ахҵара. Иҭабуп ҳәа ралҳәеит ауснагӡатә аиҿкаара алзыршаз, ацхыраара дугьы ҟазҵаз Очамчыра араион анапхгареи араион аҵара аҟәша ахаҭарнакцәеи. Аусмҩаҧгатә аҟны иқәгылаз ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыҧхьеит, аҭыҧантәи ахаҧшьгаратә коллективқәа инарыгӡеит аибашьра иа­лиааз ашәақәа.

Аусмҩаҧгатә хыркәшо уи иалахәыз даҽазнкыгьы иазгәарҭеит ас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа реиҿкаара шаҟа ихадароу. Иш­дыру еиҧш, сынтәа аҧсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит. Убри инамада­ны иазгәаҭоу рацәаӡоуп. Ах аурҭ зегьы рыбжьара ихадаратәу аҭыҧ ааныркылоит Аҧсны ахьчаҩцәа ргәаларшәара амырӡреи анаунагӡатәреи ирызку аусқәа.


Елана ЛАШӘРИАҦҲА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me