Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә парк аҭаара иаԥырхагамхаӡеит

Аԥсныпресс. Жәлар Реиза­ра-Апарламент аҟны Риҵатәи Амилаҭтә парк аҭаларазы абилеҭқәеи Ареспубликатә унитартә наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара аде­путат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи Амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи, иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы ру­сура аихшьаалақәеи, иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбаразы иҟаҵоуи ирылацәажәахоит ҳәа азгәеиҭеит.

Мшаԥымза, 2022 шықәсазы атәыла анапхгара рықәҵарала Риҵатәи Амилаҭтә парк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса 350 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа ихале­ит, Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы – 500 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа. Риҵатәи Амилаҭ тә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа ишазгәеиҭаз ала, Риҵатәи апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса 2014 шықәса раахыс ихамлаӡакәа иҟан. «Ҳара ҳазлахәаԥшуала, уи иашаӡамызт, избан акәзар, апарк аҿы еиуеиԥшым анхамҩатә усурақәа рынагӡара ахәҭаны иҟоуп. 2014 шықәса инаркны иааубаратәы ишьҭыҵит абылтәи ахьшьтәи рыхәԥса. Иара убас, апарк аусзуҩцәагьы аформа маҭәақәа рҭахуп, убри зегьы рзы – аԥара. Еиҿҳарԥшуазар, Шәачатәи аҳәырԥсарра аҭааразы ишәатәуп 2 нызқь мааҭ», – иҳәеит Адамыр Багаҭелиа. Риҵаҟа инагоу амҩа иаваршәны иҟоу 70 шықәса иреиҳаны изхыҵуа абетонтә ҵыргәатә ҭӡқәа рырӷәӷәара аҭахуп. «Иҳаҩсыз ашықәс азы амҩаду 8-тәи акилометр аҿы аҿыбгара ҟалеит. Иарбоу аҭыԥ апарк ишаҵанамкуагьы, ҳара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагеит, урҭ ирықәҳхарџьит 9 млн. мааҭ. Иара убас, амҩа 40-тәи акилометр аҿы даҽа ҿыбгарак ҟалеит. Араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирықәхарџьхеит 17 млн. мааҭ. Хара имгакәа аӡиаҿы иҟалаз аҿыбгарақәа рықәгара иазкны аусурақәа наҳагӡараны ҳаҟоуп, иара убасҵәҟьа – аҳәынҭқарратә дачахь инагоу амҩагьы. Заанаҵтәи аҳасабркрала, уи иаҭаххоит 8 -9 млн. мааҭ иреиҵамкәа», – иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Риҵатәи Амилаҭтә парк аҵакыра – 39 нызқь метрԥшьырқца рҟынӡа инаӡоит. Араҟа иҟоуп апансионат «Ауадҳара», ирацәаны абнахылаԥшырҭақәа. Апарк ахылаԥшра имаҷымкәа ахарџь ацуп. Апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра аԥшьызгаз Риҵатәи Амилаҭтә парк анапхгараҭара ауп.

«Ҳара ари азҵаара аԥшьаҳгеит, Аминистрцәа Реилазаараҿ ад­гылара ҳарҭеит. Хаҭала сара шәсазҵаауазар, абилеҭ ахәԥса 1500 мааҭ еиҵамзароуп», – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа. Уи ахәԥсақәа рышьҭыхра аҭаара ака­ла иаԥырхагамхаӡеит ҳәа ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Апарк аҭаларҭа аҿы иҟоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ, х-мшыԥҵәак рыла аус ауеит. Риҵатәи Амилаҭтә парк аҳасабеилыргаҩы хада Стелла Абӷаџьаа абилеҭ 350 мааҭ ианыркуаз аамҭазы билеҭк аҟынтәи аԥаратә малқәа реих­шара шымҩаԥысуаз атәы еиҭалҳәеит. 100 мааҭк Гәдоуҭа ақалақь ахадарахьы ицон, 90 мааҭ – Ареспубликатә биуџьеҭ ахь, 10 мааҭк – агәыҳалалратә фондқәа рахь, 150 мааҭ Риҵатәи апарк ахархәаразы иаанхон. Уажәы, абилеҭ ахәԥса 700 мааҭ рҟынӡа ианынаӡо, Гәдоуҭа ақалақь аха­дарахьы ицоит 100 мааҭк, 210 мааҭ – ареспубликатә биуџьеҭи абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рахь, 110 мааҭ – агәыҳалалратә фондқәа рахь, Риҵатәи апарк аҿы ахархәаразы иаанхоит 280 мааҭ.

Риҵатәи Амилаҭтә парк аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Енвер Лакербаиа апарк аҿы апроблемақәа маҷымкәа иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит. Ихадоу апроблемақәа иреиуоу – иахәҭоу аҩаӡараҿы аус зы­муа ацрыҵрыцқьаратә шьақәгылагақәа роуп. «Рыцҳарас иҟалаз, апарк иамоу алшарақәа рыла иузыҟаҵогьы митәык ирацәам. 2021 шықәса инаркны амҩа аҭагылазаашьа иадҳәаланы ӷәӷәала апроблемақәа ыҟан, амҩа зегьы иахьаҵанакуа ажрақәа каҭранла иҭырҭәаан. Џьара-џьара 3,5 км рҟынӡа акаҭран шьҭарҵеит. Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара адизаинерцәа ҳрыдҵаалеит, урҭ ҳара ҳзы проектқәак еиқәдыршәеи , аха ҳара атәылахьчара амобилизациатә ҽазыҟаҵара азы 60 млн. мааҭ ахьазоуҳажьыз ина­маданы, ҳапроектқәа рынагӡара ҳалымшаӡеит. Ҳара асезон бзиа ҳазыԥшуп, апарк аҵакыра арҽеира азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Билеҭк ахәԥса аҟынтәи 50 мааҭ Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа рахь адәықәҵаразы иҟоу ацәажәарақәа ҳаҳауеит, аха зны ҳара апарк аҵакыра иагу-иабзоу ҟаҳҵароуп, уи ашьҭахь, хымԥада, араионқәа ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп», – ҳәа иҳәеит Енвер Лакербаиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me