Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазтәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы апрограмма амҩаҧысшьа агәаҭаразы. Дара ирбеит араса аус ахьадыруло ацех, арахәааӡарҭа аферма, иара убасгьы амандарина ахьеиҭарҳаз а ҭ ы ҧ қ ә а. А р ҭ а н а п л а к қ ә а аҧҵан анхацәа ақыҭанхамҩатә проектқәа реиҿкааразы изиааиз атендер иабзоураны.
Атәыла ақыҭанхамҩа аминистрреи араион ақыҭанхамҩа аҟәшеи рхаҭарнакцәа раҧхьа изҭааз аобиектқәа иреиуоуп Гал ақалақь аҟны еиҿкаау араса аус ахьадыруло ацех. Иара аусура иалагеит иаҳхысыз ашықәс азы. Хаҭалатәи аусдкылаҩ Рауль Григориан дызиааиз атендер инақәыршәаны ақыҭанхамҩа аминистрра изоунажьит х-миллион мааҭ рҟынӡа, иахәҭоу амыругақәа раахәаразы. Уахыки-ҽнаки иалагӡаны, араҟа изларыҧхьаӡаз ала, ирылшоит ҩажәи жәаҩа тонна араса аус адулара. Иаҳхысыз ашықәс азы аус адырулеит ҩынҩажәи жәаба тонна араса. Аалыҵ акәзар, аҭиразы Урыстәылаҟа иргоит. Ааглыхраҿ иаҧҵоуп ҩынҩажәа рҟынӡа аусурҭатә ҭыҧқәа. Араса акәзар, иаархәоит аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟны. Аха иазгәаҭаны ирымоуп рхатәы плантациақәа реиҭаҳарагьы.
Ақыҭа Ҩада Барҕьаҧ ахада Дмитри Шларба иажәақәа рыла, арзаҳал аналарҵа анаҩс акомиссиа ҷыдеи анхаҩцәеи аиқәшәарақәа рыман, урҭ ирылҵшәаны агәаҭарақәа зегьы рышьҭахь апроект аҧара азоужьын. «Иҭабуп ҳәа расҳәоит аусмҩаҧгатә аҧшьызгас зегьы, ас еиҧш апроект аиҿкаара аҭахижьҭеи акрааҵуан», – иазгәаиҭеит Дмитри Шларба.
Шьашьикәара ақыҭа анхацәа ҩыџьа арахәааӡара рнапы алакуп. Ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраарала дара ирзаахәан зеижә хы арахә. Уи иақәхарџьын миллионки ҩышә нызқь мааҭ. Гал араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша агроном хада Лери Шониа иажәақәа рыла, ақыҭанхамҩа аминистрра имаҩаҧнаго ари апроект даара ицхыраагӡоуп анхацәа рзы. Аферма маҷ аиҿкаара напы азыркыз анхацәа уажәазы ирымоуп зеижә хы арахә. Аферма ашьақәыргыларазы аусурақәа цоит ҩ-напыкла. Ҳаҧхьаҟа анхацәа ргәы иҭоуп иҵегь аҽырҭбаара. Махәынџьа ақыҭа анхацәа руаӡәк иара убасгьы х-нызқьи хышә шьаҭа амандарина изаахәан ақыҭанхамҩа аминистрра ахарџьқәа рыла. Иааидкыланы, ари апроект иақәхарџьын миллионк мааҭ.
Агәаҭаратә ныҟәарақәа еихишьаалеит ақыҭанхамҩа аминистрра агроҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа. Иара иҳәеит Гал араион аҭаара хықәкыс иш а м а з ҵ ы ҧ х т ә и ҵ ы ҧ х цәатәи апроектқәа ахьынӡанеихьоу ргәаҭара. Иара убасгьы ашәырҵлақәа реиҭаҳареи ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылареи ирызку апроектқәа рынагӡара бзианы ишцо. Сынтәатәи ашықәс азы еиуеиҧшым апроектқәа реиҿкааразы ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи Гал араион иазоужьхоит х-миллионки хәышә нызқь мааҭ. Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра анхамҩа иазку апроектқәа мҩаҧнагоит ҳтәыла егьырҭ араионқәа рҿгьы. Аусурақәа рцашьа хылаҧ ш р а а рҭо и т и а а и ҧ м ы р ҟьаӡакәан. Лассы ирҭаараны иҟоуп егьырҭ араионқәагьы.
Елана ЛАШӘРИА