Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧхьаҩцәа ироуит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аҩбатәи аномер.

Аҭыжьымҭа аатуеит Аҧсны жәлар рпоет Алықьса Гогәуа 91 ш. ихыҵра аҳаҭыр азы икьыҧхьу Алықьса Гогәуеи Анатоли Лагәлааи реиҿцәажәара «Зыҧсы ҭаны иаанхаз сырхашҭӡом…» зыхьӡу ала. Абаҩхатәра злаз ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа диижьҭеи 70 ш. аҵра инамада­ны ажурнал ианылеит иажәабжь «Аӡызлан», иара убас Влади­мир Занҭариа истатиа «Еицакра зқәым Даур иажәа». Ашәҟәыҩҩ Гьаргь Гәлиа ииубилеитә рыцхә (90ш.) аҳаҭыр азы икьыҧхьуп иажәабжьқәа: «Ашьхатәылатәи алакә», «Хәаҧтәи аҷкәын дҧырны амза ашҟа дышцаз». Аҵарауаҩ Станислав Лакоба иакәзар, 70 ш. ихыҵит, араҟа икьыҧхьуп иажәабжь «Асааҭ» (аиҭагаҩ – А. Ажьиҧҳа) , насгьы иажәеинраалақәа (еиҭеигеит В. Занҭариа) рыхәҭак.

Апоезиа иаҵанакуеит Анатоли Лагәлаа, Енвер Ажьиба ражәеинраалақәа. Апроза ажанр ала ианылеит Владимир Занҭариа иажәабжь «Ҿамҩак аҳарданҩы…». Ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг изку ргәалашәарақәа анылеит: Анатоли Лагәлаа, Анзор Мықәба, Валентин Кәаҕәаниа, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Дмитри Габелиа.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реид­гыла 90 шықәса ахыҵра инадҳәаланы аҭыжьымҭа иануп Виачеслав Бигәаа инеиҵыху ис­татиа «ХХ ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи – 90-тәи ашықәсқәқәа ралагамҭеи рзы аҧсуа литературатә процесс аҷыдарақәеи ахырхарҭақәеи» алагарҭа. «Апоет қәрахьымӡа…» ахьӡуп Таиф Аџьба игәалашәара иазку Елеонора Коҕониаҧҳа лстатиа.

Адраматургиа аҟәша аҟны икьыҧхьуп Геннади Аламиа еиҭеигаз Уилиам Шеқспир ипиеса «Акрал лир».

Абызшәадырреи аетнографи­еи ирыҵанакуеит аҵарауаа Ева Ҭаниаҧҳаи, Шьазина Арнауҭҧҳаи, Елисо Сангәлиаҧҳаи еиуеиҧшым рстатиақәа.

Аиааира 30 ш. ахыҵра инадҳәаланы «Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа» арубрикала акьыҧхь абеит «Аҧсны зыхьчоз срылагылан» зыхьӡу аинрал Вахтанг Цыгәбеи Анатоли Лагәлааи реиҿцәажәара, иара убас Саида Ҳаџьым Аҧсны Афырхаҵа Руслан Ладариа изылкыз астатиа «Уеибашьырц уҭахызар, ахаҳәгьы уршәыр ҟалоит».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me