Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас иху автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, – иаанацҳауеит Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә наплакы «Аԥсныҟәарахьчара» анџьныр хада Иури Воробиов дазааҭгылеит ацҳа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы
. «Ҳара зоура 90 метра рҟынӡа инаӡо ацҳа аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Ҳара амшқәа бзиахар, ацҳа аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа ҩымчыбжьа рыла рхыркәшара ҳгәы иҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара. Иури Воробиов ацҳа аиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонд ахарџь ала ишымҩаԥысуа азгәеиҭеит. Автомашьынатә цҳа ааха аиуит жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы. Ацҳа иҳаҩсыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рзы идыргылеит.