Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира згаз – аҳамҭақәа

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анарко­тикқәа ҳарҿа­гылоит» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранеи­шьеит. Аицлаб­рақәа ирылахәын Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Тҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьа­ратәи ашколқәа рҵаҩцәа. «Акон­курсқәа еиҿкаахеит ашкол­хәыҷқәа рзинтә дыррақәа рышьа­қә­гылара, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәа­шьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара рыла­аӡара аҿар рыбжьара агәабзиара, еиҷаҳарыла азнеира хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩнуҵ­ҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Агәырӷьаратә хәҭа ашьҭахь ашкол­хәыҷқәа ирзеиҭа­рҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭоурых, аусҳәарҭа аусзуҩцәа реихьӡа­рақәа, рлагалақәа ртәы, рмаҵуратә уалԥшьа анагӡара, Аԥсны жәлар Рџьынџь­тәылатә еибашьра аан иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рфырхаҵара атәы, иара убас амилициа аҿы аусура ахырхарҭа хадақәа деил­­дыркааит, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшақәак русушьа ддырбеит.

Аԥсныпресс

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me