Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа: Гәдоуҭатәи аиҧылара…

 

2022 шықәсазы, маи  5 аҽны, Аҧсны Аҳәынҭқарра,  Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа, Сергеи Платон-иҧа Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҭоурыхтә музеи ахыбраҿы имҩаҧысит аҵарауаҩы-аҭоурыхҭҵааҩы Игор Ражден-иҧа Марыхәба ишәҟәы "Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы" зыхьӡу аӡыргара, ахцәажәара. Ари аиҧылара еиҿылкааит, иагьымҩаҧылгеит Гәдоуҭатәи амузеи анапхгаҩы Гугуца Шьаликәа-иҧҳа Џьыкырҧҳа.

Ари аиҧылара еизнагеит уаа 60-ҩык иреиҵаӡамкәан: Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳау, бзиа избо, иахӡыӡаауа – Гәдоуҭатәи араион анапхгара ахаҭарнак Валери Аҩӡба, аҵара аҟәша аиҳабы Адам Ҳаразиа, Гәдоуҭатәи ақалақьтә абжьаратә школқәа рнапхгаҩцәа, аҭоурых амаҭәар рызҭо арҵаҩцәа уҳәа Нестор Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол адиреқҭор Валикәа Ҭаниа раҧхьа днаргыланы. Рҽаладырхәт: еицырдыруа акомпозитор Зураб Малиа, аибашьҩы, "Агәымшәаразы" амедали, Леон иордени занашьоу Анзор Баӡ-иҧа Бигәаа, Калдахәарантәи иааз Емма Ражден-иҧҳа Мархолиаҧҳа-Амҧар. Активла далахәын, уа еизаз рпатреҭқәагьы ҭихит, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иаша (академик), атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоқҭор, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Аҟәатәи афизика-техникатә институт адиреқҭор хада Марколиа (Марқәан) Анатол Иван-иҧа (Смел-иҧа). Аиҧылара ҭнахит Гәдоуҭатәи араионтә телехәаҧшра "ТВ Гәдоуҭа", ақәгыларатә ажәахәқәа-абжьқәа аниҵеит ателехәаҧшра "Абаза" ателекорреспондент Абзагә Игор-иҧа Марыхәба.

Аҵарауаҩы-аҭоурыхҭҵааҩы Игор Марыхәба ишәҟәы "Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы" зыхьӡу иазкны ажәахәқәа ҟарҵеит Дифа Габниаҧҳа, Фарид Кобахьиа, иахцәажәеит – Валери Аҩӡба, Анатол Бганба, Алықьсандр Чамагәуа, Рудольф Алшәындба, Азареҭ Аиба, Заур Малиа, Гугуца Џьыкырҧҳа. Иҭабуп ҳәа раҳәо, аиҧылара иқәгыларала ихиркәшеит изыхцәажәаз ашәҟәы зыҩҩыз – Игор Марыхәба.

Аиҧылараҿы ақәгыларақәа акык-ҩбак абра ианаҳҵоит иаазыркьаҿны. 

Гугуца Џьыкырба лықәгылараҿы илҳәеит еицырдыруа аҵарауаҩ, аҧсуа милаҭ-хақәиҭратә қәҧара иалахәыз, дара знысыз амҩа бзианы издыруа Игор Марыхәба иусумҭақәа аҧхьаҩцәа ишрыдигалаз. Анаҩс, иаалгоит ашәҟәы аҟнытә: "Сара сазааҭгылар сҭахуп 1967-тәи ашықәс аан, абра Гәдоуҭа, зегьы ажәабжьны иаҳхыҵәаз "Рафаель Чырзмаа иқәгылара, ииҳәоз" ҳәа, иалкаан ииҳәаз ҳәа аҳәара ҳцәыуадаҩын.

Убас иҟалеит аамҭа: Рафаель Чырзмаа изкыз, ҳмузеи азы аматериалқәа анеизаагоз, ҳнанагеит Нестор Лакоба иӡбахә ахь, Мураҭ Чырзмаа ҳәа ибзиаӡаны Нестор Лакоба дыздыруаз, Баҭым Нестор Лакоба дҵәахны дахьрымаз, нас, иара иҧҳәыс – Сариа, уа дыҧшааны, рынасыҧқәа ахьеиларҵаз, аҭыҧ ахь. Мураҭ имоҭацәа, Аиҟәысба Иван иоума, Чырзмаа Беслан иоума, абарҭ Аҧсныҟа ианхынҳәы асоветтә аамҭазы, 1978-тәи, 1979-тәи ашықәсқәа раан, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара рҵон…

Ҳара абыржәы иҳауз, ҳзыхцәажәо Игор Марыхәба ишәҟәы аҿы иануп. "Ҳара ҳиацәажәон Аҟалҕьба Лиосик… Убасҟан,  1967 шықәсазы, Аҟәа афилармониаҿы, мчыбжьык инарзынаҧшуа, аҧсуаа тәаны иазҧшын абри аизара. Ахымш  рышьҭахь, убра дықәгылеит Чырзмаа Рафаель Мураҭ-иҧа. Ианҧса, Аҧснытәин, Ҟәланырхәатәи д-Хәонӡиаҧҳан. Баҭымынтәи  дааны – дықәгылеит. Марыхәба ишәҟәаҿы, Чырзмаа иажәақәа, абраҟа иқәгылара анҵәамҭа аниҵеит. 1967 шықәсазы Рафаель Чырзмаа ииҳәаз: "Шәара, аҧсуаа!.. Сара, атәымџьара иҟоу аҧсуаа сырхылҵшьҭроуп! Иҳахьыз – шәыхьыр алшоит! Абџьар шьҭыхтәзар, ишьҭыхтәуп! Аҧсны ақырҭқәа шәхыҵәаанӡа! Мамзар, даҽакала иауӡом ари аус!" – ҳәа.

Уи ашьҭахь абарҭ иажәақәа рзы хәышықәсаҚарҭ дҭакын Чырзмаа Рафаель. Иара дгьежьны даан, Аҧсны анхара далагеит, абра "Бамбора" ҳәа иахьашьҭоу, агәаҿы дынхон. Уажәааигәа, иара иҧа – Беслан, ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵыит..

Хәҭа-хәҭала, шьаҿа-шьаҿала, зегьы ирҳәаз еизганы, "ахьтәы шәындыҟәра" еиҧшу ашәҟәы еиқәиршәеит Игор Марыхәба, – лҳәеит лара.

"Иҭабуп, идуӡӡаны!" ҳәа иаҳәо, даҧхьеит Игор Марыхәба ишәҟәы ҭыҵны ианыҟала, академик Ҭемыр Али-иҧа Ачыгәба ииҩыз, ииҳәаз абри ашәҟәы азы: "Игор Ражден-иҧа! Ашәҟәы бзиа уҩит. Дарбан ҵарауаҩызаалакь – ари ушәҟәы давсны дызцаӡом. Сгәаанагаратә рецензиакгьы азызҩырц сҭахыуп" ҳәа. Аха, ачымазара ҿкы иҟаз иахҟьаны, Ҭемыр Али-иҧа иҧсҭазаара далҵит…

Дифа Габниаҧҳа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҧсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы, Џьырхәатәи абжьаратә школ адиреқҭор: Аҵарауаҩы-аҭоурыхҭҵааҩы Игор Ражден-иҧа Марыхәба иусумҭа хатәра "Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы" зыхьӡу аҟны, игәылыршәаны иаарҧшуп аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара иаҵагылаз аҧсуа патриотцәа иашақәа русура алҵшәақәа, усҟантәи аамҭазы иаадырҧшыз агәымшәара, агәаҕьра… Иҷыданы иазгәаҭатәуп: автор ишәҟәаҿы дзыхцәажәо зегьы хаҭала дызлахәыз, лабҿаба иибақәаз ахҭысқәа шракәу.

Уагәыланахалоит, урҭ ашықәсқәа раҧхьаҟагьы, Аҧсны асоветтә аамҭазы иҟалақәаз, иахнагақәаз ахҭысқәагьы. Уи: Сталин данҧсы, Бериа данҭарк, даныршь аамышьҭахь, Асоветтә ҳәынҭқарраҿы напхгаҩыс Хрушьчов даннанага аамҭа ауп; Сталин "ихаҭаратә культ" ирхылҿиааз ацәгьарақәа акыр шаҧырҟәҟәаазгьы, зегь акоуп - аҵыхәтәанынӡа изынамгӡеит. Избанзар, дара – Хрушьчови аус ицызуази – рхаҭақәагьы ирхарақәаз рацәан...

Араҟа иаҳгәаламшәар ауӡом: ақырҭуа ҵарауаа ракәзар, амц шәҟәқәа рҭыжьра иааҟәымҵӡакәан ишаҿыз, Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых еицакны, "аҧсуаа иақырҭуа хылҵшьҭроуп" ҳәа, урҭ рышәҟәқәа иахьабалак ишырнырҵоз!.. Ас еиҧш иҟақәаз ацәгьарақәа, – аҧсуаа рхаҭарнакцәа раҿагыларатә усқәа шырхылҿиаауаз!.. Агәаҕьра дуӡӡа аарҧшны, 1953 шықәсазы, Аслан Оҭырба Қарҭ иқәгылара! Ашьҭахь, 1957 шықәсазы, Архип Лабахәуеи Иван Ҭарбеи  уҳәа убас  аҧсуаа рацәаҩны, Москваҟа, ЦК КПСС ахь ашшыҧхьыз зныз ашәҟәқәа шырыҩҩуаз… Қырҭтәыла ахадара акәзар, ас еиҧш иҟаз аҧсуаа гәыбҕан рырҭон акәымзар, дара ақырҭқәа Аҧсны азы изҿыц иаҿын! Уи моу, аҧсуа ҭыҧхьӡқәа – ақырҭуа хьыӡқәа рыхьӡҵара амҽхак дырҭбааит.

Ҳзыхцәажәо, Игор Марыхәба ишәҟәы – "Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы" зыхьӡу, еихшоуп ҧшь-хык рыла. Актәи ахы аҟны ҷыдала иазааҭгылоуп 1967 шықәсазы Аҧсны иҟалаз ахҭысқәа, уи иаҧхьанеиуаз аҭагылазаашьақәа. Уи иабзоураны ҳара еилаҳкаауеит аҭоурыхтә иаша маҷымкәа…

Анаҩсан, Игор Марыхәба дазааҭгылоит Шьалуа Инал-иҧа имонографиа "Аҧсуаа ретно-культуратә ҭоурых азҵаарақәа" (Аҟәа, 1976 ш.) зыхьӡу, ианҭыҵ иҟаз аполитикатә еилахәарақәа, ақырҭуа чынуаа уи ишаҿагылаз, изыцәшәаз уҳәа…

 Иара убас, дахцәажәоит 1977 шықәсазы, Леонид Брежнев ихаан,  Асоветтә ҳәынҭарра ду – СССР аҿы Аконституциа ҿыц адкылара ишаҧшьыргаз, ишрыдыркылаз, аҧсуаа ҧыҭҩыкгьы уи ахцәажәара ишалахәыз.

Автор иҳәоит, убри ишахылҿиааз 130-ҩык аҧсуаа  рнапы зҵарҩыз "Аҧсуа шәыҟәгьы"… Аҧсуа ҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа – "ауаа цқьақәа", "аҕьеиҩқәа", ари ашәҟәы рнапы зҵаҩыз, ишьҭын Москваҟа, ЦК КПСС Ахада, СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Леонид Брежнев иахь, иара убас – РСФСР Апрезидиум Ахантәаҩы Михаил Иаснов иахь. Уаҟа, ихадаӡаны иарбан, аҧсуа жәлар закәытә џьамыҕәацәгьаӡоу ирхыргахьоу – Қарҭтәыла аганахь ала, иахьатәи рҭагылазаашьа бааҧсӡа атәы, Аҧсны Қарҭтәыла иалгамзар ада – уаҳа ҧсыхәа шыҟам уҳәа, хырҧашьа амамкәан иӡбатәыз азҵаарақәа жәпакы…

Аҧсынтәыла уи ашықәсан ихаданы имҩаҧысызгьы: аҧсуаа изыҧшьыргаз, ирыдыркылараны иҟаз р-Конституциа ҿыц аҟны аиҭакра, "алагала-ҷыда" ҟарҵарц – рыҽҧышәарақәа роуп. Усҟан, уи ашықәсан, даҽа аамҭанык еиҧшымкәан, иҵарӡаны, Аҧсны, аҧсуа жәлар рзы  – изҵаара хаданы иқәгылан: "Аҧсны – Қарҭтәыла алҵра, алгара"! Уи, аныҧшыр акәын, ирыдыркылараны иҟаз Аҧсны Аконституциаҿгьы. Ари Аконституциа "апроект" алацәажәара аан, аҧсуа интеллигенциа – апатриот иашақәа, ҵыхәаҧҵәара змамкәаны, ибааҧсӡаны – Қарҭтәылеи Аҧсынтәылеи реизыҟазаашьақәа азгәаҭаны, ажәалагала ҟарҵеит: еидгылоу ареспубликақәа ирымоу азин – "ирҭаххар – СССР алҵра" еиҧш, Аҧсны автономтә республикагьы иамазарц азин – "излоу, еидгылоу ареспублика иалҵны, даҽа республикак ахь аиасра, алалара". Абри ажәалагала Москвантәи акомиссиа аанагеит. Ҳҵеицәа ирҳәеит, "Қарҭтәыла ҳахьынҳаланы – иара ахьцо, ҳаго акәымкәан", иаҭаххозар, Қарҭтәыла "алҵра азин ҳазҭо" ада, аҧсуаа уаҳа ҧсыхәа шрымам!.. Москваа, "убри ада", егьырҭ аҧсуаа рыгәҭыхақәа ишырдгылоз, рҳәеит аҟароуп…

Ажәакала, Игор Марыхәба  "Аҧсны: 1967, 1978 шықәсқәа рзы", аҭоурых знапы алаку реиҧш, зыҧсадгьыл – Аҧсны аҭоурых нҭырҳәцааны издырырц зҭаху зегьы, рхы иадырхәарц рылшоит.

Ацәажәаҩ дырзааҭгылоит аҵарауаҩ ишәҟәы ахқәа зегьы.

Фарид Мизан-иҧа Кобахьиа Аҧсуа институт аҭоурых  аҟәшаҿы  аҭҵаарадыррақәа русзуҩы еиҳабы, Москва, Мрагыларатәи аинститут аспирант: Иӡырааго ашәҟәы – аҧсуа ҭҵаарадырра азыҳәан, сара ус сгәы иаанагоит, акыр зҵазкуа наукатә усумҭоуп…

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп: аиашазы ус имариаӡам ашәҟәқәа, анаукатә шәыҟәқәа рҭыжьра. Уажәы ҳара ҳнапы иаку аусумҭа, абри – академиа цәа ахоуп. Избан акәзар, автор ииҳәо зегьы, ихшыҩзышьҭрақәа зегьы – қьаадла, документла иршаҳаҭуеит. Иара акырынтә аус иухьеит, издыруеит, еиуеиҧшым архивқәа рҟны: Москва, Санқҭ-Петербург, аҳәаанырцә…

Абри аусумҭа иҳанаҳәоит, ҳҳәаақәнаҵоит: ҳара аус здаҳулаша рацәоуп. Ирацәаӡоуп аматериал, ҳара аҧсуаа иҭаҳҵааша. Атәым цивилизациа дуқәеи ҳареи - ҳаизааигәара аҟны. Насгьы, ари ашәҟәы иаҳәо уи ауп: ҳара иҳадҳамкылаӡеит… Иҟоуп убри аҩыза атерминқәа – ҳара ҳҟнынтәи егьырҭ, иаҳҳәап, ажәларқәа, амилаҭқәа ирыдыркылаз. Иаҳҳәап, аҧсуааи абазақәеи автор ибзианы дрыхцәажәоит – рышьаҭа ахьыҟаз, ршьапы ахьықәдыргылаз адгьыл. Иаҳҳәап, Ҟрым. Уаҟа иҟоуп атопонимқәа, иаҳҳәап: "Мысра", "Камара", "Акра", "Агра", "Алушҭа", "Алуҧҟа" уҳәа. Даараӡа  аҧсуа бызшәа аматериал ахархәарала, аетимологиа азаҳур ауоит. Автор ибзиаӡаны аетимологиа риҭоит абарҭ атерминқәа. Уи иаҳәо убри ауп: акы – ҳара шаҟа ҳбызшәа беиуоу! Иҩбахаз, – ҳара аҧсуаа ҳцивилизациа усҟаҟҵәҟьагьы, аҵарауаа џьоукы, иаҳҳәап, ақырҭқәа ишырҳәо еиҧш, ихьшәаны иҟаӡам! Аҧсуа цивилизациа амҽхак ҭбаауп, амҽхак дууп. Егьырҭ адунеитә жәларқәа ирыларсуп!.. Иҟоуп, иара убасгьы, ашәҟәы аҟны автор иааиго – ҳара ҳҟнытәи егьырҭ ажәларқәа ирыдыркылаз.

Аҩӡба Валери Расим-иҧа, Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыҧуаҩ: Зегь раҧхьагьы иргыланы исҳәоит: ари ашәҟәы ҳазлацәажәо, абра ҳамҭас иааганы (сара сақәымшәеит, аха) сусураҿы исықәшәит. Иҭабуп – ҳәа шәасҳәоит! Ари ашәҟәы аӡыргара  ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан. Аха, иҟаз аҿкы-чмазара иахҟьаны, ауаа рыҧсҭазаара ралҵрақәа, аҧсрақәа иҟақәаз, ижәдыруа ауп… Убри азыҳәан, маҷк-маҷк, инаҳаргәагәо, абас – ҳнахо ҳааиуан…

Зегь раҧхьаӡа иргыланы, ажәа мыцхәы шәасыршьуам. Ара саҧхьа иқәгылаз ирҳәеит. Сара хаҭала, сыззааигәаны издыруа – 1967-тәи, 1978-тәи ашықәсқәа рзыҳәан, ииашаҵәҟьан, усҟан, аӡәи-аӡәи еидгыланы, реицәажәара, аҧсуаа – аинтеллигенциа ракәым, егьыс, анхаҩы иакәзаргьы, – ианшәарҭаз аамҭа азыҳәан, ҳажәлар аидгылара иаадырҧшыз.  Сазааҭгылоит 1989 шықәсагьы… Сара иахьеиҧш исгәалашәоит, абри "Аиааира ашҭа" ҳәа иахьа иҳамоу аҟны, усҟан, убра, ахәымҽхан, ҵхагәаны инаркны аашаанӡа, Игор Ражден-иҧа ихы бзианы ишааирҧшыз.

Валери Аҩӡба Гәдоуҭатәи араион Ахадара, Аизара ахьӡала автор  идиныҳәалеит иусумҭа.

Чамагәуа Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа, Аҟәатәи афизика-техникатә институт анџьныр еиҳабы: Ҳара иахьа гхақәас иҳамоу рыззегьы, раҧхьа игылоуп – ҳҭоурых цқьа иахьаҳзымдыруа! Уи иахҟьаны иҟалахьоу аибашьрақәагьы рацәоуп. Макьана, ҳаҧхьагьы, ицәырҵраны иҟоу рацәазар ҟалап! Ҳҭоурых цқьа, шьаҭанкыла иҭҵааны иҳамаӡам.

Игор Ражден-иҧа дызҿу аус, иара дызхааныу аамҭа, – "ҷыҭк" абжьы ахьгаз, аҭоурых иаҵанакуа, акы бжьаижьт ҳәа сыҟам. Рызегьы шәҟәыла еиқәыршәаны иҟаиҵеит.

Сара ари ихәыҷра здыруеит ҳәа шәасҳәар, аиаша сҳәар ҟалап. Ашкол данҭаз, 5-тәи, 7-тәи аклассқәа рҿы данныҟәоз аахысижьҭеи, сидгыланы сыҟамызт, аха, шықәсык – ахы-аҵыхәа – ҩынтә-хынтә данызбоз ыҟан. Анаҩс, ашкол даналга, анаҩс – Аҟәа аинститут данҭала, уаанӡагьы гәыхьс имаз – ақырҭқәа рхымҩаҧгашьақәа бааҧсқәа – Аҟәа, иҵегьы иацырҵоны аниба – игәы иамчҳаит. Аҷкәынцәа еидикылеит!

Ашкол даналгагьы, Пицунда аус аниуаз аума, ашьҭахь аума, иахьабалакгьы, аҧсуаа рхьаа - иара изы гәеисраны иҟан. Абас зхы мҩаҧызгаз уаҩуп…

  Сара сҭоурыхҭҵааҩым. Иҟоуп аҧсҭазааараҿы – ацәаҳәа аиаша, ацәаҳәа хәахәа, ацәаҳәа кьаҳә, иаауҭаххалак. Абарҭ ҳасабрыла, рызегьы зеиҧшроу цәыругар ҟалоит, аха…  Аполитика, абарҭ акьаҳәрақәа рызегьы реиҳа икьаҳәзар ҟалап. Иахькылсуа уздырӡом. Ажәак – иахькылсуа уздырӡом. Уи сара сзалагом.

Уи иҟаиҵаз – Аҧсуара иашьҭамырӡгоуп. Иара дызхаану ахҭыс имыӡратәы, еиқәырханы иаҳзыҟаиҵеит. Уи азы, иҭабуп ҳәа иасҳәоит! Ақәҿиара бзиа узеиҕьасшьоит!

Алшәындба Рудольф Грышьа-иҧа  Аҧсны Афырхаҵа, Гагра араион Абыргцәа Рхеилак Ахантәаҩы, Аҧсны Абыргцәа Рхеилак алахәылаҩ: Игор Ражден-иҧа иҩымҭақәа зегьы – аҧсуа милаҭ рхақәиҭратә қәҧара ауп изызку. Абра, иааҳакәыршаны, аҭӡы икыдқәоу апатреҭқәа ҳрыхәаҧшуеит. Абарҭ рызегьы рхы ақәырҵеит, ҳара иахьа ҳаҧсадгьыл – Аҧсны Ахақәиҭра аиуразы.          

Иареи сареи анхша-абхшала еиҭынхацәоу ҳакәым, аха, ҳара – иареи сареи ҳаиҭынхара аура амоуп – фышықәса. Аинтернат ҳааӡеит: аҧшьбатәи акласс инаркны. Ааи, класск аҿы ҳаидтәалан.     

Сшәыкәыхшоуп, ара зегьы еидтәалоу! Ҳара ҳазегьы, абра итәоу, ахәыҷы-аду – зегьы, ҳгәы иҭоу – акы ауп. Ҳ-Аҧсны ҳара ишаҳҭаху еиҧш, ҳ-Аҧсны ҳара ҳгәаанагара иҳамоу еиҧш, убас еиҧш иҟалар. Избан акәзар, ҳ-Аҧсны Ахақәиҭразы, ҳ-Аҧсны акакаҷразы, зхы ақәызҵаз – даара, даара ирацәаӡоуп!..   

Иҳәатәуп, Игор Марыхәба раҧхьатәи изанааҭ аргылара шакәу, Аҟәатәи аиндустриалтә техникум дшалгаз, акурорт Пицунда ширгылоз. Акурорт зыргылоз адиреқҭор Ҭамара Гыцҧҳа лыдҵала, лмашьынаала, Игор аҧсуа қыҭақәа дрылсны аҧсуа ҿар шеидикылаз, аҧсуа литературтә кружок, аҧсуа хор шеиҿикааз; дара убарҭ аҧсуаа ирхылҵыз шракәу иахьа Пицунда инхо аҧсуаагьы. Игор Ражден-иҧа акурорт Пицунда аргылара ашьаҭа зкыз дыруаӡәкыуп. 1967 шықәсазы, март мзазы, ҳраион аҟны ақырҭуа ҩырақәа изҵәаҕәаз, изшәыз аҧсуа ҷкәынцәа-гәымшәақәа ираҧхьагылаз иоуп. Уи ахҭыс аӡбахә иахьа ара ишәҳәахьеит, ҳазхцәажәо ишәҟәгьы иануп. 75-шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы,  изкны статиак зыҩын, иахьа изныз агазеҭ цырақәак шаны ишәысҭеит…

Игор Ражден-иҧа иааҧсара, Аҧсны жәлар рҿы - иааҧсара, иаҳхаагаз - ҳара ҳақәҧараҿы – даараӡа ирацәоуп. Иахьа абра ишышәҳәаз еиҧш,  ииашаны, ҳақла иаҳҳәозар: аамҭала ихәҭоу рацәоуп ҳәа исҧхьаӡоит...  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me