Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҩнаҭа цәа зыҟәну акрыфарҭа

Уҩнаҭаҿеиҧш уахьрыдыркыло, аҩнаҭаҿтәи афатә-ажәтә ахьуыдыргало, аҩнаҭатә гәалаҟазаара ахьузцәырҵуа акрыфарҭа аадыртит Гәылрыҧшь араион аҟны. Уи акрыфарҭа ахаҭабзиара аӡбахә ҳалацәажәаанӡа абраҟа иазгәаҳҭарц ҳҭахуп уи иазку нҵамҭак ҟаҳҵарц заҳҭаххаз.

Ааигәа, асоциалтә цәаҳәақәа сышрыхәаҧшуаз сылаҧш нақәшәеит ҿыц иаадыртыз акрыфарҭа. Афотосахьақәа срыхәаҧшуа сынҿынасхазар, абар агазеҭ "Аҧсны", акәакь азылхны, анкьаӡа агазеҭ анҭыҵуаз акьыҧхьыҩцәа аус зларуаз акьыҧхьга машьынка наваргыланы, ари акрыфарҭа иаҭаауа сасгьы-ҧшәымагьы ирбартә, ираҳартә еиҧш аҭыҧ азылхны иахьыҟоу. Аиаша шәасшәап, убриаҟара агәахәара снаҭеит сгәырҕьара ҳәаак амамкәа сҟалеит. Аусураҿы санааи ирасҳәеит абас еиҧш агазеҭ "Аҧсны" аҳаҭыр, апату ақәҵаны аҭыҧ азылхны иахьыҟоу крыфарҭак  аадыртит Гәылрыҧшь араион аҟны ҳәа. Урҭгьы гәахәара дула ирыдыркылеит.

Абас еиҧш ҳмилаҭтә газеҭ ҳаҭырла, патула иазныҟәо ҳрыҿцәажәап ҳҳәан, ҳрызцеит уи акрыфарҭа аҧшәмацәа, агазеҭ ахь ирымоу агәыбылра ашьаҭа ахьынтәаауа еилаҳкаарц азы. Ҳрыдыркылеит аҧсуара ишақәнаго. Иаразнак еилаҳкааит араҟа  ҳҭоурых атәы еиҭазҳәо акыр амаҭәарқәа баша ишыҟам. Аха еиҳараӡакгьы агазеҭ "Аҧсны" араҟа ацәырҵра зыхҟьаз амаӡа еилаҳкааит. Ари аҩнаҭатә крыфарҭа аҧшәмацәа ируаӡәку Нино Камкиа ҳанлыҿцәажәоз иаҳзеиҭалҳәеит еицырдыруз ажурналист, агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" аҟны акыр шықәса инеиҧынкыланы аус зухьаз Шьаликәа Камкиа лабду иашьа шиакәыз. "Ҳара ҳхәыҷра шықәсқәа зегьы мҩаҧысит абри ауаҩ агазеҭ аусура аҟынтәи еиҭеиҳәоз ажәабжьқәа, алафқәа рыла. Ахааназгьы уи сгәалашәараҿы иаанхоит. Убри аҟынтә исызцәырҵит агәаҳәара, абасала урҭ агәалашәарақәа рцәыргара",– ҳәа азгәалҭеит Нино Камкиа.

Зыӡбахә ҳамоу акрыфарҭа аҩнаҭа цәа аҟәнуп. Араҟа аҭааҩ идыргалоит еиуеиҧшым афатә хкқәа. Аха еиҳараӡакгьы хырхарҭас иамоу акәац згәылоу ачаҳаржә ауп (хинкали). Ари аҩнаҭатә крыфарҭа аартра иааинырсланы иҟалаз акоуп. Нино Камкиа излаҳалҳәаз ала, дара Гәылрыҧшь араион аҟны ииз-иааӡаз роуп. Ури аҟнытә, ирҭаххеит ауаҩы днеины иҩнаҭеиҧш иҧсы шьаны, ихааны акрыфаны дахьцашаз ҭыҧк аартра. Убри акәхеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны рнапала идыргылт ахыбра, лара лажәақәа рыла аимаҳәылацәа. Иҟарҵо афатә хкқәа рсиа акәзар,  Нино лан афатә даара ихааны иахьыҟалҵо азы уи ашьақәыргылараҿы ацхыраара рылҭеит. Ларгьы ари рбизнес маҷ далахәхарц рҭаххеит, афатә ҟалҵаларц, аха уи дҳақьымуп, мап рцәылкт.

Нино Камкиа лажәақәа рыла, ари акрыфарҭа аус аиҿкаараҿы ҭаацәаныла зегьы рыхәҭаа аларгалоит. "Ҳарҭ абра ижәбо зегьы ҳнапала иҟаҳҵаз ауп. Ҳҽазаҳшәоит ҳашҟа имҩахыҵуа, Аҧсны асасцәа роума, аҭыҧантәи ауааҧсыра роума, рыҧсы шьаны, ихааны акрыфаны ицарц, насгьы ҳҭоурых маҷк рҽагәылархаларц азы ажәытә цәа зыҟәну амаҭәахәқәа ҳхы иаҳархәот  ари акрыфарҭа аҩныҵҟа архиараҿы"– ҳәа азгәалҭеит Нино. Иара убасгьы уи илҳәеит ари аҭаацәаратә бизнес маҷ анапхгараҿы акыр лџьабаа шаду   абиохимиатә факультет аҟны аҵара зҵо раҳәшьаҧҳа Лана Какалиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me