Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азинеилагарақәа: аҳазалхыҩцәа дааныркылеит

 

Ииуль 18 азы аҳазалхырҭатә ҭыҧ "Ҧсоу" аконтрабандеи аҳазатә зинеилагарақәеи ирҿагыланы ақәҧаразы аҟәша аусзуҩцәа, ироуз аинформациа ахы аҵыхәа-анеилдыргоз, иааныркылеит, иагьеимырдеит Урыстәылатәи Афедерациантәи иаауаз, Аҧсны атәылауаҩ Агрба Г.В. дзықәтәаз автомашьына. Аҳәынҭқарратә ҳазалхырҭатә еилакы асаит излаанацҳауа ала, автомашьына аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит, иагьҭыргеит Аҧсныҟа заагара рмаҷу акриптоҧарақәа рырҳаразы амаругақәа ҩба. Абри административтә зинеилагара иазку аматериалқәа нашьҭуп аҳазатә усҭҵаарақәа рыҟәша ашҟа.

Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыҧшааит Гагра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаду аҿы игылоу асасааирҭа ахыбраҿы изакәанымкәа аус зуаз амаининг-ферма. Абри атәы аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Уаҟа иқәыргылан акриптоҧарақәа рырҳаразы амаругақәа 61. Урҭ зегьы ықәган, ашьҭаҵарҭа ҷыдахь ииаган аҵәахразы.

Аферма зтәыз Едик Григолиа иганахьала ишьақәыргылан афымцамч изакәанымкәа аҿакразы административтә ҧкаанҵа.


Заа еицәажәаны ацәгьоурақәа рыҟаҵаразы аара рыдҵоуп Аҧсны ауааҧсыра ҩыџьа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, 23 шықәса зхыҵуа Гәдоуҭа араион инхо Сулҭан Баҕбеи 29 шықәса зхыҵуа Цандрыҧшь инхо Асҭамыр Солобови ааха зауз дақәдыргәыҕит автомашьына ашәҟәы аҭаҩразы ицәыӡыз аршаҳаҭга изышьақәдыргылоит ҳәа. Убри азы иагьимырхит 18 нызқь мааҭ. Абарҭқәа рышьҭахь 600 нызқь мааҭ иаҧсоу имашьына иақәтәаны ибналеит.

Амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит Баҕбеи Солобови, анаҩсан урҭ руаӡәк далархәны автомашьына ирыҧшааит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

Ашьауҕатә ус хацыркуп Аҧсны Ашьауҕатә кодекс ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 ала.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me