Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны – Венесуела: аизыҟазаашьақәа рышықәсхыҵра иазкны

 

Венесуела Апрезидент Николас Мадуро Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аҧсни Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашықәсхыҵра.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иазгәаҭоуп:

"Сара сеигәырҕьоит ажәлари хадара ззысуа Боливариантәи Аиҳабыреи рыхьӡала шәышҟа схы ахьсырхо, гәык-ҧсыкала иагьшәыдысныҳәалоит агәалашәаратә рыцхә – ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара жәаҩа шықәса ахыҵра. Ари лшара бзиоуп, инаҵшьны иагьазгәасҭоит ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҿы Боливариантәи Ареспублика Венесуела аблокада, еиқәымтәаӡауа аимпериалисттә агрессиа ишаниаз, абарҭқәа раан Аҧсны анапхгара рганахьала адгылара шҳамаз. Абри ишьахәу арыцхә аҽны иазгәасҭоит ҩ-ганктәи аусеицура арҿиара хықәкыс ишсымоу, иара убри аамҭазы иагьышьақәсырҕәҕәоит Боливариантәи Ареспублика Венесуела шазхиоу аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы ракзааразы ақәҧара, иарбанзаалак ашәарҭадара аҿагылара, ҳажәларқәа реизҳазыҕьара. Ҳаҭыр зқәу Ахада, абарҭ ажәақәа шәыдышәкыл ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара аганахьала Боливариантәи ажәлари Аиҳабыреи рыҽшазыршәауа иадырганы".

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me