Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Москватәи аиԥыларақәа

Хәажәкырамза 21, Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аҿы имҩаԥысит Урыстәыла ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи реиԥылара. Аиԥылараҿы жәларбжьаратәи амилаҭтәи ашәарҭадара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас азҵаарақәа жәпакы рыла Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирзааҭгылеит. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ, аинформациатә шәарҭадара аганахьала жәларбжьаратәи аусеицуразы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыда Алхас Барзаниа.


Хәажәкырамза 23, Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ иԥылара мҩаԥигеит. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Николаи Патрушеви Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ҳәынҭқаррак рмилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иара убас, аганқәа ашәарҭадара ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара амчратә хылаԥшырҭақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура арӷәӷәаразы аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәазҭо 2023-2024 шықәсқәа рзы аусеицура аплан рнапы аҵарҩит.  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me