Лаҵара 12, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа: «Иахьа 2008 шықәсазы аасҭа аҭагылазаашьа хьанҭоуп»

Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV аизара ду. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларраполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа шыуадаҩу атәы. «Жәларбжьаратәи арраполитикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәыла, уажәаԥхьа ишҳәаз еиԥш, иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара иаҿуп. Иара иаҿагылоуп 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны, убарҭ рхыԥхьаӡара иаҵанакуеит Европа зегьи Америка Еиду Аштатқәеи. Арҭ амчқәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахырҳәар, аҩбатәи аибашьра хдыртырц рҭахуп. Абарҭ ахықәкқәа рзы ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза-лаҵарамза рзы Қырҭтәыла мҽхакы ҭбаала аполитикатә акциақәа рымҩаԥгара ргәы иҭоуп. Иахьа 2008 шықәсазы аасҭа аҭагылазаашьа хьанҭоуп. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ганрацәалатәи ҳусеицура арӷәӷәара аҭахуп.

Аамҭа кьаҿла ҳҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа ирԥырхагоу азҵаарақәа рыӡбара алҳаршароуп, урҭ арбанқәоу ҳара ибзианы иаадыруеит. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу 2014 шықәса абҵарамза 24 аҟнытә Аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу атәылахьчаратә мчхара арӷәӷәаразы иҟаз алшара ишахәҭоу хархәара амаӡамызт. Раԥхьа иргыланы, зыӡбахә сымоу, 2019 шықәсазы Аԥсны иазԥхьагәаҭаз Очамчыра араион Маркәыла ақыҭаҿ азеиԥшарратә база аргылароуп, убри инадкыланы Аԥсны Арбџьар мчқәа рырхәҭақәа рырҿыцреи урҭ рматериал-техникатә еиқәыршәареи азҵаароуп. Ари гха дууп, уи ҳауаажәлар ирныԥшыр сҭахымызт. Убас шакәугьы, аӷа ааишьа имаӡам, уи идызҵалакгьы. Ҳара Аԥсны аҩнуҵҟа зегьы еидгылартә иҟаҳҵоит. Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара иабзоураны иаҳзыԥшу, иҟоу ауадаҩрақәа ҳариааиуеит. Уи азы зегьы ҳаидгылароуп. Иҟоуп иаартны исзымҳәо. Аҽеизгаратә зыҟаҵара ашьҭыхразы мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥаагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аибашьра разыр­хиаразы. Ҳара аибашьра ҳҭахӡам, аха зегьы ҳарзыҟаҵазароуп аиашьара ҳзызуа Урыстәылеи ҳареи ҳаидгыларала».

Аизара ду иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, ақалақьтәи араионтәи ахадарақәа рхаҭарнакцәа.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me