Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи анаԥхьара инақәыршәаны аррамаҵзура иахысуаз рхы рақәиҭтәреи рзы. 2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, аррамаҵзурахь анаԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьара.
Аусԥҟа инақәыршәаны, зырратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзураруаа рхы иақәиҭтәхоит. Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа реиҳабацәа ирыдҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи аррамаҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусқәа инхарҭәааны рынагӡара ахылаԥшра.