Лаҵара 11, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«АРГО-ИНВЕСТ» – ацәыргақәҵаҿы

Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит.

«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа  рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада  Леуан Адлеиба.

Леуан Адлеиба иажәақәа рыла, Аԥсны ацәыргақәҵа-ҭӡы иаҭаауа акыр ирацәаҩуп, уи акыр аинтерес аҵаны иҟоуп. «Ҳара Урыстәыла атәылауаа рҭахрақәа ҷыдала ирықәшәо ахырхарҭақәа хәба ҳреиуоуп. Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа аус рыцура аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩразы агәҭакқәа ҳамоуп. Иахьа ацәыргақәҵа аусура раԥхьатәи амш акәын, ҳара ҳаҭӡы иаҭаауан хыԥхьаӡара рацәала ауаа, азҵаарақәа ҳарҭон. Аԥсны, ахәҭакахьала, Аҟәа ақалақь иазку акаталогқәа ирызҿлымҳан.  Агәыӷра сымоуп аимабзиаратә еимадара абжьаҵара анаҩсгьы, уи хра злоу алҵшәақәа раарԥшрагьы шалыршахо», – ҳәа иҳәеит Леуан Адлеиба.

Москва ақалақь аҿы хәажә­кырамза 16 – 18 рзы имҩаԥысит ари ацәыргақәҵа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me