Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырхацәа ргәалашәара

Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны иахьабалак иазгәарҭеит марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра.

1993 шықәса март 15 азы ҳархәҭақәа Гәымсҭа аӡиас ирны, Аҟәа азааигәара аҵакы змаз ахәы ҳаракырақәа ааныркылеит. Амотохысратә ҟәшақәа Гәымсҭа аӡиас ахәҭақәак ирырыр акәын, аӷа аԥхьатәи ихырӷәӷәарҭақәа шьҭыхны, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иацырҵарц. Аха март 16 азы излагаз ажәылара ақәҿиара амоуит. Ишьаарҵәыраз аидысларақәа рышьҭахь, март 17-18 рзы ҳархәҭақәа хьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит.

Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылара аибашьра аан зегьраасҭа ихьанҭаз, ацәыӡ дуқәа зцыз жәыларахеит. Иҭахеит 222-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Март 16 азы 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара иазкны Ахьӡ-Аԥша абаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Уахь инеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала аибашьцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, Аԥсны ауаажәларратә, аполитикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Ишазгәаҳҭахьоу аиԥш, абарҭ амшқәа рзы марттәи ажәылара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа нагӡан, еиҿкаан аиԥыларақәа.

Убас Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны иаартын Аҟәа ахақәиҭтәразы марттәи ажәылараан иҭахаз рфотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.

«Иахьа ҳарҭ зегьы ҳаизеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳгәалаҳаршәарц. Абраҟа ижәбоит иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа, иара убас ҳара зсахьақәа ҳамам рсиақәа. Абри инаваргыланы араҟа ицәыргоуп убасҟан Мрагыларатәи афронт аҟны иҭахаз рсахьақәагьы», – лҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беиа.

Аиԥылараҿы иқәгылеит Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, видеола ааԥхьара ааишьҭит Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кобахиа.

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟнгьы еиҿкаан афотоцәыргақәҵа. Уахь инаган марттәи ажәылара иалахәыз рфотосахьақәа 50. Урҭ авторс дрымоуп еицырдыруа арратә фотокорреспондент Витали Қьецба.

Иара убас иқәгылеит аибашьра аан иҭахаз ргәалашәара иазкыз ашәақәа назыгӡаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла.

Анаҩс идырбан Анзор Мықәба ипиеса иалхны арежисиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль «Гәымсҭатәи абаллада».

Март 16 азы аҿар, ажәылара хықәкыла иалахәыз аибашьра аветеранцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟаҿы.

Анаҩсан, урҭ шьапыла рҿынархеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориалтә комплекс ашҟа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит Аԥсны Афырхаҵа,  Аҟәатәи абаталион акомандир Сергеи Матосиан, аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роман Ӷәынџьиа.

Аҳҭны-қалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи, аҵарадырра аусбарҭеи, Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә командатә ҵараиурҭеи марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә акциа мҩаԥыргеит. Уи иалахәын Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа, арратә ҵараиурҭа акурсантцәа. Урҭ ашәҭқәа шьҭарҵеит аҩадатәи Гәымсҭатәи ацҳаҿы иҟоу Амемориал ашьапаҿы.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәа ала имҩасуан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа, араҟа имҩа­ԥысуан аидыслара ӷәӷәаӡақәа.

Афронт иаԥныз аладатәи Ешыра ақыҭан имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатә. Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала ҳаҭыр ақәырҵеит иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара. Ашколхәыҷқәа, аҵаҩцәа аибашьра иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, марттәи ажәылара иалахәыз аветеранцәа ргәалашәарақәа ирзааҭгылеит. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал ашьапаҿы иқәыргылаз аекран ала идырбан 1993 шықәса марттәи ахҭысқәа ирызкыз авидеохроника.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me