Ари аспектакль ҩыџьа ауаа рыбзиабара иазкуп, Макар Девушкини Варенка Добросиоловаи.
«Агәхыхҩы» – ари синтементалтә комедиоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Араҟа ахәаҧшҩы даднаҧхьалоит еиуеиҧшым ахаҿсахьақәа, еиуеиҧшым аамҭақәа рҟынтә. Ублахаҵ зыргьежьыша ацәаныррақәа, ахәмарратә ҟазшьа маҷк иаҭаны, аерониа аҵаҵаны иҟаҵоуп. Аколлажқәа аагоуп аурыс шәҟәыҩҩцәа Достоевски, Гоголь, Пушкин рҩымҭақәа рҟынтә.
Аспектакль арольқәа нарыгӡон: Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Теимураз Чамагәуа, Розита Ҭаниа, Амра Наҷҟьебиа, Леон Кур-оглы, Алиас Колбаиа. Иазгәаҭатәуп ажурналистцәа зхәаҧшуаз аспектакль азал аҟынтәи акәымкәа, аҭагылазаашьа шрымаз асцена аҟынтәи ахәаҧшра. Раҧхьаӡакәны абас асцена аҟынтәи ахәаҧшцәа аспектакль ахәаҧшра, аҭагылазаашьа рыман 2006 шықәсазы. Усҟан А. Миллер ипиеса ала идырбан ақәыргыламҭа. Уи режиссиорс даман Адгәыр Ақаҩба. Уаҟа ихәмаруаз актиорцәа ируаӡәкын: Виолетта Маан, Кьасоу Ҳагба уҳәа аӡәырҩы.
С. Сақаниа