Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ауаажәларратә палата аҟны

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Ауаажә­ларрратә палатаҿы имҩаҧысит, иахьатәи ҳаамҭазы афымца­лашара иазкны ауаажәларра ирызцәырҵуа агәынамӡарақәа рылацәажәарақәа ирызкыз аилатәара. Уахь инаҧхьан афымца аҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба, уаанӡа «Амшы­неиқәафымцамч» напхгара азызуаз Аслан Басариа, аспециалистцәа, иара убас афымцалашара иазкыз игәаанагара иҳәон, Аҧсны Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьара адепутат Алхас Џьынџьал. Иазгәаҭатәуп сааҭбжак ишымҩаҧысуаз ажурналистцәа аламырхәӡакәа аилацәажәара, анаҩс Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба аҭагылазаашьа рылҭеит амассатә информациа ахар­хәагақәа русзуҩцәа афымцалашара аганахь ала аспециалистцәа азҵаарақәа рырҭарц.

Зегьы ишаҳдыруа еиҧш, иахьатәи ҳаамҭазы ихадароу проблема ҕәҕәаны Аҧсны жәлар зегьы рзы иҟалеит афымцалашара. Уи ауаажәларраҿы ицәырнагеит ацәажәарақәа, абас еиҧш афымцалашара аинфраструктура ахьыҟоу ахатәы инвестициақәа алагалатәуп ҳәа. Уи ахьынӡаиашоу, мамзаргьы аҳәынҭқарратә инвестициақәа ракәзаргьы, аҧхьаҟа ахархәара шыҟало, рҿиашьас иаиоуа иазкны аспециалистцәа ааҧхьаны ауаажәларратә палата алахәылацәеи дареи ргәаанагарақәа еимырдеит.

Ажәахә ҟазҵаз, згәаанагара зҳәаз дреиуан  Афымца аҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба. Уи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәылацәа ааҧхьара ахьирҭаз. Иазгәеиҭеит иахьа хықәкы хаданы, проблема ҵарны ишыҟалаз афымцалашара азҵаара, уи аинфраструктура даара акыр шахыҵуа. Уи апроблема шықәсык ала иҟалаз  шакәым, шықәсы рацәала еиқәылаз шакәу.  Иара атехникатә мзызқәа дазааҭгылан даламцәажәеит, аха иазгәеиҭеит иахьатәи афымцалашара акризис алҵраз мҩас иибо аԥгаԥса   аизгара шакәу. Аха уи аизгаразы, Аҧсны ахи-аҵыхәеи  зегьынџьара иқәыргылатәуп априборқәа ахәҧса аизгаразы узырманшәало. Иара излеиҳәаз ала, уи ахарџь ду ацуп, аха ихымҧадатәны иҧхьаӡоит априбортә системахь аиасра. Иҳаҩсыз ашықәс азы 100 миллионк ақәхарџьны иаахәан априборқәа, аха уи азхаӡом. Сынтәа 200 миллион мааҭ азоужьуп априборқәа раахәара. Аха егьа ус иҟазаргьы, аҳәынҭқарра ацхыраарада ари аҩыза апроблема ду аӡбара  даара ицәгьоуп.

Анаҩс специа­листк иаҳасаб ала ажәа змаз Аслан Басариа,  дазааҭгылеит еиҳараӡак афымцалашара аҧырхага азҭаз амаинингтә система Аҧсны аҟалара шакәу. Уи иабзоураны Аҧсны афымцалашара аҩаӡара акризистә ҭагылазаашьа аҟынӡа инеит. Иара дазааҭгылеит, ихықәкы хаданы иқәгылоу Аҧсны аенергетика алегализациа шазутәу, даҽакала иуҳәозар аинвестор дадыҧхьалатәу, мамзаргьы амилаҭтә ҟазшьа аҭаны ишааныжьтәу. Иара убас иазгәеиҭеит 2026-нӡа ишышьақәыргылоу асхема аус адуларазы аплан. Уи излеиҳәаз ала, иарбан документзаалакгьы аус здууло, убас ишьақәыргылатәуп, Аҧсны афымцалашара атарифтә планқәа Аҧсны аитересқәа ахьчо, иацхраауа. Иара иҳәеит, афинанстә цхыраарала,  Аҧсны аҳәынҭқарра адгылара анаҭар,  еиуеиҧшым апрограмма маҷқәа рышьақәыргылара, алҵшәа бзиақәа шаиоуа. Убри аан иазгәеиҭеит, апрограмма дуқәа алҵшәа роура аҟаҵаразы, ахарџь дуӡӡа шаҭаху, уи аҳәынҭқарра амч шақәымхо шықәсык ала. Аха апрограмма маҷқәа рыла афымцалашара аус адулара иалагар, алҵшәа бзиақәа аанарҧшуеит ҩба-хҧа шықәса рыла. Уи иажәақәа рыла, аинвестор дадуҧхьаларгьы, аплан шьақәыргылан, аусура алҵшәа аиура 3-4 шықәса аҭаххоит.

Аилатәараҿы досу ргәаанагарақәа, агхақәа рырҽеираҿы, аспециалистцәа раҧхьаҟа русураҿы ирыхәап ҳәа иақә­гәыҕуеит.


Стелла Сақаниа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me