Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аматематика аҧсышәала изырцәажәаз

Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿ имҩаҧысит атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа Чамагәуа ишәҟәы – аҧсышәала ирцәажәаз аматематика аӡыргара. Ашәҟәаҿы иарбоуп алгебра 5-тәи 9-тәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа.

Аӡыргара иалахәыз аҵарауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит абиблиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Амра Агрба. Уи иааркьаҿны дазааҭгылеит аҵарауаҩ инысымҩа.

Ауаҩы иҧсҭазаараҿы аматематика аҭыҧ ҕәҕәа ааннакылоит, шьаҭасгьы иамоу ахыҧхьаӡара ҳәа изышьҭоу ауп. Ахыҧхьаӡара абызшәа иахәҭакуп. Ус анакәха, аматематика имҩаҧнаго адыррақәа иаадырҧшуа абызшәеи  амилаҭтә бызшәеи еишьашәаланы, еимаданы еицныҟәозар ауп. А.Ҳ.Чамагәуа иусумҭа абызшәазы алҵшәа бзиақәа аазырҧшыша даҟьа ҿыцк аанартуеит. Ҳәарада, акыҩба усумҭа ирылшом гхаҧхада аҧсуа бызшәеи аматематикатә бызшәеи реинраалара. Иаҭахуп абызшәадырҩцәеи азанааҭ азҟазацәеи русеицура, рдырреи рылшареи реимадара, аматематика, афизика уҳәа реиҧш иҟоу амаҭәарқәа милаҭ бызшәала рырцәажәара алзыршо аусурҭақәа раҧҵаразы.

Алеқсандр Чамагәуа дравторуп 30  инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Москва иҭыжьыз том рацәала ишьақәгылаз ашәҟәқәа: «Кристалографиа», «Физика твердых полупроводников», 14 атом, авторцәа дреиуоуп, 1985 шықәсазы ихьчоит акандидаттә диссертациа. Аҧсуа жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, хыхьынтә дазымҧшӡакәа аус ахьиуаз Афизика-математикатә институт аимҵәара иацәихьчарц аусзуҩцәа еидикылеит. Ҳара азҵаара аниаҳҭа «ишәыдызҵада шәнапы злаку аусқәа ҳәа, иҳаиҭаз аҭак даара ҳархәыцит. «Схы исыднаҵеит» – ҳәа аҭаксгьы иҳаиҭеит. Уи иаҧсуара иднаҵаз абар 20 шықәса инарзыгнаҧшуа дацәхьамҵуа дануп, уалс иҧхьаӡан». Абас ихлыркәшеит аҧылара амҩаҧгаҩ А.Агрба лаҧхьажәа.

Ажәа ирҭеит ашәҟәы «Аматематика аҧсышәала арцәажәара» автор. Иара еизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, дазааҭгылеит иусура атәы. Ҳгәы иаҭаху атехника аганахьала макьана ҳбызшәала иҳамаӡам. Аибашьра ашьҭахь геометриа аиҭагара салагеит. Сара сбызшәадырҩӡам. Схырхәоит  абызшәадырҩцәа рҿаҧхьа. Заҟа шықәса ҵуеи аурыс бызшәа аҭҵаара иаҿижьҭеи, заҟаҩы аҿыда? Заҟа шықәса ҵуазеи аҧсуа бызшәа аҭҵаара иаҿуижьҭеи, насгьы заҟаҩы аҿыда?! Ирылшахьоу азы иҭабуп ҳәа расҳәоит.

Аҧсуа бызшәа ажәҩахыр аҽеиҵнахратә изыҟамлеит. Атехника аҿиара ианалага, естественные науки ҳәа изышьҭоу ишахәҭоу иҳазмырцәажәеит.

Ана­толи Хьециа сара дсырҵаҩ дууп ҳәа дсыҧхьаӡоит аусураҿы. Сара схы иҭысҳәааз, иалазгалаз ҳәа акгьы ыҟаӡам, рызегьы ҳбызшәа иагәылскааит, иагәылсхит. Агеометриатә фигурақәа зегьы ахьӡқәа рымоуп, урҭ шьақәыргылатәуп. Аҧсуа бызшәа еицаҳтәу, иаҳзеиҧшу малуп, исылшаз абри ауп шәара ишышәҭаху ахәшьара ашәҭа, – иҭабуп исзааҧсаз, абас ихиркәшеит автор иқәгылара.

Ажәахәқәа ҟарҵеит аӡыргарахь иааиз иҩызцәа аҵарауаа Владимир Занҭариа, Валери Бигәаа, Оҭар Ӡиӡариа, Ҭали Џьопуа, Игор Марыхәба, Борис Лазба. Владимир Занҭариа иажәахәаҿы иҳәеит: «Пиотр Кәыҵниа абиологиа еиҭеигеит, уажәы Апаллон Гәыргәылиа амедицинатә терминқәа реиҭагара даҿуп. Абри   аиҭага аматематика  аума, агеометриа аума, иара аматематика зҵо астудентцәа ирыдгалазар, дрымоуп ирывагыло арҵаҩы – абар  дахьыҟоу.

Географиа еиҭагазар ауми. Ари ауаҩ. Ихы-иҧсы адҵан аиҭага  даҿуп. Адгылара аҭахуп. Сара иҭабуп ҳәа иасҳәоит  иџьабаазы.

Оҭар Ӡиӡариа иқәгылараҿ даза­аҭгылеит автор аҧсшәахь ирцәажәаз амаҭәарқәа, афизика, аматематика иазку иудукыларатәы, ахархәара аиуратәы ишыҟоу. Иагәылоу ашьаҭа аҧсышәоуп, аҧсуа иҧсҭазаара, инхашәа иадҳәалоуп, ахархәара аман. Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа актәи ишәҟәы аиҭага агеометриазы аус адылулон, аредакциа азылуан Ҭали Аџьапуа, уи илҳәеит:

«Абызшәа ҿиарц азы ҳакәша-мыкәша иҟоу амаҭәарқәа зегьы аҧсышәала ицәажәозароуп. Акыр шықәса аус еицаҳуит, Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧеи сареи, даара иџьабаа рацәоуп. Арҭ иусумҭақәа аиҭага акәӡам ирыхьӡу, ари системала, аматематика, агеометриа аҧсышәала ирцәажәоит, атерминқәа ҟаиҵоит. Урҭ шьақәыр­гылоуп аилкаарақәа ирықәшәо, уи зылшо аспециалист, абызшәа бзианы издыруа иоуп. Ҳабанӡаҟоу уи еилызкаауа, идгыло ауаа. Абарҭ рҵага  шәҟәны иҟаҵаны ианбаҟало. Шәара шәус ауаа ирбартә анцәа иҟаиҵааит».

Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа иусумҭақәа аҵакы ала ауп дшалаго. Иҟоуп убас аиҭа­гарақәа  аформа змоу, избан акәзар ауаҩы абызшәа здыруа, аҵакы  ззымдыруа аформала ауп дшалаго. Абызшәагьы идыруеит. Даҽакгьы ыҟоуп ара, ахҧатәи абри зегьы еидызкыло абри агәыбылра ауп  изырҟаҵо зегьы, аҵакы еиҭаз, алогика  еиҭазгьы аҧсышәоуп.

«Иҷыдоу: ашкол ҟаҵатәуп амаҭәарқәа зегьы аҧсышәала аларҵәаразы. Изыл­шаша, аҧсшәа здыруа астудентцәа  алархәны. Аус ду ҟаҵаны иҳауҭеит, ашықәс рацәа нуҵааит» – абас ихиркәшеит Игор Марыхәба иқәгылара.

Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа Чамагәуа ишәҟәы аӡыргара иалахәыз зегьы еицҿакны иазгәарҭон аматематика аҧсышәала арцәажәаразы аӡәы илымшацыз иара ишилиршаз шьҭа аус злоу уи зызхоу ҳҿар, аҵаҩцәа, астудентцәа рыбжьара ахархәара аиуратәы  аҟаҵара ауп.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me