Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Аҳәынҭдумаҿы

Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы аҳазалхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә маҵзура ТАСС.

Аусшәҟәы анапаҵаҩра мҩа­ԥысит Аҟәа ақалақь, жәабранмза 18, 2021 шықәс рзы, иара убас Москва ақалақь, мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы. Иацу аматериалқәа ишырҳәо ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рҿы аусура аџьашықәс азы есымзатәи ашәатәы ацҵазы ҳасаб азура алнаршоит. Уажәазы, азакәан апроект аусдулаҩцәа ишазгәарҭо ала, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аҳазалхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс ҳасаб арбара азԥхьагәаҭаӡам.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me