Аҧсуа кьыҧхь иазҿлымҳау

Аашәыршақә иҟамлеит 1919 шықәсазы, раҧхьаӡатәи аҧсуа милаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭыҵра. Уи амш жәабран 27 инақәыршәаны, Аҧсуа кьыҧхь иамшны, ҳтәылаҿы иазгәарҭоит.

Ари арыцхә инамаданы, ҳара ҳиҿцәажәеит аҧсуа кьыҧхь даара иазҿлымҳау, аҧсышәала иҭыҵуа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи бжьамыжькәан еидызкыло, ирыҧхьо, ҷыдала, акыршықәсқәа раахыс агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» номерцыҧхьаӡа зхазы еидызкыло, иазҿлымҳау, иаҧхьо, игәцаразкуа, даара ҳаҭырлагьы иазыҟоу Ауаажәларратә хеидкыла «Аҧшьаҭыҧ» аныҳәаҩ хада Борис Қәҭалиа.

Борис Қәҭалиа агазеҭ «Аҧсны» аредакциа даҭаауеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Уи есымчыбжьа, агазеҭ шааҭыҵлак еиҧш, намерк ицәыбжьамхарц азы агазеҭ «Аҧсны» аредакциахь дымҩахыҵуеит. Агазеҭ амаҵ азызуа ажурналистцәа хатәрақәеи иареи аиҩызара рыбжьоуп. Агазеҭ «Аҧсны» азы игәаанагарақәа рыцеиҩишоит, дзыҧхьаз астатиақәа рахьтә игәаҧхазиигәамҧхази мӡакәан иаартны ианиҳәогьы ыҟоуп, нас иара ишиҟазшьоу еиҧш азеиҕьшьара бзиақәа рзыҟаҵаны «Анцәа илҧха шәыгымзааит» ҳәа дызҵоу Аҧсуа кьыҧхь, амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» аномерқәагьы нацҵаны иҿынеихоит.

Ҳаиҿцәажәараан Борис Қәҭалиа иазгәеиҭеит, хаҭала, хаҿсахьала лабҿаба иимбац ажурналистцәагьы, ирҩуа астатиақәа рыла, хьыӡла, жәлала зегь шидыруа.

Агазеҭ «Аҧсны» агәбылра шикыз, ашәҟәыҧхьарахь дхьазырҧшыз дазааҭгыло, «6-7-тәи аклассқәа рҟны аҵара анысҵоз инаркны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» адаҟьақәа ирнылоз ажәабжьқәа, ажәеинраалақәа уҳәа даара аинтерес сыманы срыҧхьон. Анаҩс, ачыма­заҩцәа сани сандуи сахьрыдтәалаз инамаданы еиҳагьы ашәҟәыҧхьара шьҭыскааит. Сымала агазеҭқәеи ажурналқәеи срыҧхьарц  Отаҧынтәи лассы-лассы Аҟәа сааны изгон. Отаҧи Аҟәеи сышрыбжьаз гәазҭаз ҳасҭаршын исабжьеигеит аҧошьҭаныҟәгаҩыс аус зуларц. Усҟан сара сеиҧш аҧсуа кьыҧхь иазҿлымҳаз аҧхьаҩцәа зегьы агазеҭқәеи ажурналқәеи ирыҧхьартә еиҧш аҭагылазаашьа бзиа шрысҭоз азгәаҭо. Уи акәхеит, 17-18 шықәса анысхыҵуаз Мықәынтәи Отаҧҟа аҧошьҭа мҩанызгон, нас аҧошьҭа Ҷлоуҟа ианиарга, еиҳа исзыманшәалахеит. Сара  сахьынхоз Отаҧ ақыҭаҿынтә еиҳа исзааигәан аҟнытә, ҽыла ибжьызго салагеит», – иҳәеит Борис Қәҭалиа.

Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, Б.Қәҭалиа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Бзыҧ» уҳәа шықәсы рацәала еизигаз аҭыжьымҭақәа Амилаҭтә библиотека архив ҳамҭас иеиҭеит.

«Хаҭала, ҿыц ибжьамыжькәан агазеҭ «Аҧсны» аномерқәа зегьы еиқәыршәаны еизызгоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Егьырҭ ажурналқәа: «Алашара», «Аҟазара», «Амцабз» уҳәа срызҿлымҳауп, аха аҧсышәала иҭыҵуа ҳмилаҭтә газеҭ заҵә «Аҧсны» еиҳа хырҩа асҭоит», – иҳәеит уи.

Б.Ҭыжәба агазеҭ «Аҧсны аредактор хадас даныҟаз, лассы-лассы агазеҭ агәлаҵа аҟны «Аҧсны – Қырҭтәылаӡам». «Абхазия – это не Грузия» ҳәа иикьы­ҧхьуаз астатиақәа даара ишцҳафыруаз, ҳҭоурых ҵабырг ахь ушхьанарҧшуаз, иҵауланы ушагәыланарҧшуаз игәаларшәо, даҩымсит аҧышәа бзиа змаз ажурналист Виктор Кәакәасқьыр ианалитикатә статиақәа хашҭшьа шрымам, ажурналист Вахтанг Аҧҳазоу лассы-лассы агазеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа рҿы иикьыҧхьуа ҳжәытә-ҳҿатә, ҳаҧсуа бзазара зныҧшуа астатиақәа уҳәа иуарҳәо шырацәоу атәы нарҭбааны дазааҭгыло Ауаажәларатә Хеидкыла «Аҧшьаҭыҧ» аныҳәаҩ хада Борис Қәҭалиа арҿиара аус иазааҧсо ажурналистцәа зегьы рџьабаа шымариам азгәеиҭеит.

«Ажурналистцәа шәзанааҭтә ныҳәамшы шәыдныҳәалауа, хаҭала, сара исҭахуп, зегь раҧхьа инаргыланы, Д.Гәлиа «Аҧсышәала иҭыҵуа ҳмилаҭтә газеҭ заҵә «Аҧсны» шәадгыл, шәацхраа» ҳәа шиҳәаз еиҧш, ҳмилаҭтә хаҿра зныҧшуа агазеҭ «Аҧсны» иахьа «иҧштәыданы», «ицәышӡа» ишҭыҵуа акәымкәан, ҧшшәы рацәала иҩычаны, уаҩ илаҧш адхало, атираж рацәаны, аҧхьаҩцәа аманы аҭыҵра еиҿкаахарц. Знысымҩа ҭбаау агазеҭ «Аҧсны» еиҳа ианыуадаҩыз аамҭақәа рзгьы ҳмилаҭ ирҿахәҳәаган иҟан, мҩашьарада агәра  згоит, уи иахьагьы ҳажәлар рҿахәы аҳәараҿы, ҳмилаҭтә хаҿра аарҧшраҿы ишаҵамхо, амаҵ азызуа азанааҭтә ҟазара змоу ажурналистцәа хатәрақәа рылагьы ишхәыдам, арҿиараҿы аихьӡарақәа аазырҧшуа аҿаргьы шаҵагылоу», – иҳәеит Борис Қәҭалиа ҳзанааҭтә ныҳәа амш ҳадныҳәалауа.

Аиашазы, агазеҭ «Аҧсны» аредакциеи уи аусзуҩцәеи назыҧхьагылоу Аҧсны амассатә-аинформациатә хархәагақәа русзуҩцәа зегь еицаҳзеиҧшу ҳзанааҭтә ныҳәа амш рыдаҳныҳәалоит, гәык-ҧсыкала имариам ҳус аҿы ирзеиҕьаҳшьоит арҿиаратә гәацҧыҳәара.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me