Агазеҭ «Аԥсны» 104 шықәса ахыҵит

Ирҳәоит доусы даниуа – еҵәак-еҵәак рыциуеит ҳәа. Уи анкыдшәо, ианҿыцәаауа аӡәгьы издырӡом, аҧсабара ус ишоуп. Адунеи ааршазар аахыс, ажәҩан еҵәақәа, ҽынла иаҳамбо, рыгәҭа ижжаӡа икыдуп аҧсшәа аеҵәахә. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, дгьылаҵыхәан иҟоу, «алахьынҵа» зшо уи кыдшәараны иҟоуп, амилаҭ рмаҷра, дара уи ишазыҟоу, рхы иахьынӡадырхәо «ҭҵааны». Уазымхәыцыр ауам!

Аҧсшәа аеҵәахә жәҩан икыдын, аха аҧсуа жәа адгьыл аҿы гараҟәҟәала иҿаҳәаны игаран, иаҭахын ахәыҷы ҧшқа иеиҧш, игарҵны ашьаҿақәа еихго аҧсҭазаара иналагыларц.

Ари ҟалеит 104 шықәса раҧхьа, 1919 шықәса февраль 27 рзы, ҳаҧсадгьыл аҿы аҭагылазаашьа ануадаҩыз, ақырҭуа меншевикцәа Аҧсны рҽахарҧаны амчра аныркыз аамҭазы. Ҳажәлар рҭоурых аҿы иаатит адаҟьа ҿыц. Иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьатәи аҧсуа газеҭ  «Аҧсны» актәи аномер.

Агазеҭ «Аҧсны» аҭыжьра  еиҿикааит, редакторсгьы даман, аҧсуа  ҩыреи, аҧсуа литературеи  рырҿиара агәашә азаазыртыз, аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи  рзы арккаҩ ду Дырмит Есыф-иҧа Гәлиа.

Аполитикатә ҭагылазаашьа бааҧсы аныҟаз, амчра знапаҿы иҟаз аменшевикцәа аҧсуаа хеиҵыхырҭак анрырымҭоз аамҭазы аҧсышәала ицәажәоз аҧсуа милаҭтә газеҭ аҭыҵра иарбан иацхрааз, еиқәзырхаз, уи азы иагаҩы иага рҳәахьазаргьы, ирыҩхьазаргьы, иахьауажәраанӡагьы инагӡаны иақәнагоу ахәшьара аҭаӡам. Дырмит Гәлиа агазеҭ аҭыжьра зеиҿикааз, хықәкыс иамаз иҳәоит раҧхьатәи аномерқәа руак аҟны ианиҵаз абарҭ ацәаҳәақәа рыла: «…Амилаҭ иага имаҷзаргьы, аҵара бзиа змоу маҷымкәан ирылиаар, урҭ ахақәиҭрагьы роуеит, ҳәынҭқарраны ирыҧхьаӡоугьы рхы ҟарҵоит».

Дырмит Ду абарҭ иажәақәа рҵакы ала, аҧсуа жәлар рлахьынҵа ӡбахарц азоуп агазеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа рҿы инеиҧынкыланы зҵаатәы хаданы изықәиргылоз ашкол, аҵара ус азҵаатәы. Ус шакәу дырҵабыргуеит анаҩстәи иажәақәа: «…Ҳарҭ аҧсуаагьы аҧхьаҟа ҳнеиларц, ахақәиҭра ҳаманы ҳҟа­ларц ҳҭахызар, аус дуқәа зегь раҧхьаӡа иҳаргылароуп ашкол аус… Аҵарадара лашьцароуп, аҵара – лашароуп».

Агазеҭ «Аҧсны» ишьҭнахуаз, ҳәарас иаҭахузеи, ҳажәлар рыбзазара иазкыз азҵаатәқәа ракәын.

Агазеҭ аҧсышәала аҭыҵра ҳажәлар рыҧсҭазаараҿы иааннакылоз аҭыҧ дазааҭгыло, агазеҭ аҭыжьраҿы Д.Гәлиа, ишырҳәо еиҧш, иарҕьажәҩаны иааивагылаз Самсон Ҷанба иҩуан: «…Жәлары ианрызша, ахақәиҭра анроу, досу амилаҭқәа рхьаа, рыҩнуҵҟатәи русқәа рбара-рҳәара рнапаҿы ианыҟала, мҩа хәахәа рмыхькәан, рыхшыҩ еидкыланы, мҩа иаша ианҵаны абзиарахь икылзгаша, ҧхьагылак жәлары ирымазароуп…»

Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиҧш, аҧсышәала агазеҭ аҭыҵра иахьалагаз аҧсуаа ргәы шьҭнахит, аха уи мацара азхомызт, агазеҭ «Аҧсны» ахаҭа рыблала ирбартә, рнапаҟны ироуратәы иҟаҵатәын, еиҿкаатәын.

Агазеҭ «Аҧсны» аҧсуа милаҭтә кьыҧхь аҿы реиҳа ақәра змақәоу ируакуп. 104 шықәса аҭоурых азы ирыцхә дум­заргьы ауаатәыҩса рыҧсҭазаараҿы қәра дууп. Ари аамҭала амилаҭтә кьыҧхь ахыҵхырҭаҿы игылоу агазеҭ иалнаршаз шьардаӡа ирацәоуп. Уи ус иааинырсланы иуҳәаша, иуҩышагьы акакәӡам, аџьабаа адбаланы аҭҵаара зҭаху усмҩаҧгатәуп.

Иарбанзаалакгьы аус, аҧшьгамҭа ажәлар рҟны азхаҵара амоур, агәрагара ацәыӡуеит. Аха агазеҭ «Аҧсны» азы ус иҟамлаӡеит. Уамашәа иубаша аамҭа кьаҿк иалагӡаны агәыблра ркит ҳажәлар.

Ҳәара аҭахума, аҩыра ашьақәыргылара ихҭыс дуӡӡоуп ажәлар рыҧсҭазаараҿы. Аҩыра аныҟала уи иашьҭагыланы ицәырҵроуп: ашкол, аҵара, аусхк, ашәҟәы, агазеҭ… Абарҭқәа, иашаҵәҟьаны, аицҿиара, ахеибарҭәаара рымамкәан ажәлар рыхдырратә культура шзышьҭымҵуа, ибзианы еиликаауан. Урҭ зегьраҧхьатәи ауасхыр  рзышьҭазҵаз ҳарккаҩ ду.

Агазеҭ «Аҧсны» – «Аҧсны ҟаҧшь» – «Аҧсны» ҳәа еиуеиҧшым аамҭақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы ахьӡ аҽеиҭанакызаргьы уи агәыцә хада ҳаҧсадгьыли ҳажәлари ирыхҭысуаз аҭоурыхтә ӡыбларақәа зегьы ирылахәын, ирылахәуп иахьагьы, ирылахәхоит аринахысгьы. «Аҧсны» – «Аҧсны ҟаҧшь» – «Аҧсны» шәышықәсала иааиҵагылоз аҧсуа рҿиаратә интеллигенциа: ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа, ҳҟазареи ҳкультуреи русзуҩцәа рахьынтәи шамахамзар дыҟаӡам иара ашәхымс ихымҵыз, Дырмит ду еиқәиҵаз амца-жәла зхы-згәы амырҧхаз. Абраҟа акәын хеидкыларҭас иахьрымаз, ишырҳәо еиҧш иӡрыжәырҭан иҟан, иҧшьоу ҭыҧны иҧхьаӡон.

Агазеҭ «Аҧсны» ауалҧшьа нанагӡеит Ҳџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) аангьы. Ҳажәлар хыҧхьакырҭас, аамҭала хкыдкыларҭас ирзыҟалаз Гәдоуҭа иҭыҵуан. Иара неиуан Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рахь, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал. Аинформациатә млашьра аныҟаз аамҭазы, аиҧҟьарақәа аманы иҭыҵуаз ҳгазеҭ аҿахәы аҳәон, ахы иаҿагылаз ргәы шьҭнахуан, афырхаҵара, агәымшәара аазырҧшуаз рыӡбахә аҧхьаҩцәа рҟынӡа инанагон алшарақәа шмаҷызгьы.

Ишдыру еиҧш, иарбанзаалак аҭыҧ дахагылазароуп ахада. 103 шықәса рыҩнуҵҟала акәзар,  агазеҭ «Аҧсны», «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» анапхгара аҟны иҟан аредакторцәа: Дырмит Гәлиа инаҩс аамҭала  Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфеҭ Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, Владимир Қапба (арҭ зегьы рыҧсҭазаара иалҵхьеит), Енвер Ажьиба.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны аиҳабыра рықәҵарала аҳәынҭқарратә газеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазиа», аинформациатә маҵзура «Аҧсныпресс» рмалршьал, рмазара  аҭан аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә рҿиареи рзы  Аҳәынҭеилакы. Уи аҩнуҵҟа иаҧҵан Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа ҿыц «Аҧснымедиа». Хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аусҳәарҭа анапаҵаҟа иҟалеит аҭыжьымҭақәа рыхҧагьы. Уи аус иахьынӡазеиҕьхо, иахьынӡацхраауа – зегьы еилзырго аамҭа иаҳнарбап.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me