Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа: "Беларусиантәи еснагь асасцәа ҳреигәырӷьоит"

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Беларус даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиҿцәажәарақәа рҟны ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аусеицура, аеко­номикатәи ааглыхратәи еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаатәқәа. Уи аԥхьа, иусуратә ныҟәарақәа ирылаӡаны Аслан Бжьаниа даҭааит Минсктәи атрактортә зауад, ахолдинг "Горизонт", атехнологиа ҳаракқәа рпарк. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Беларус дшаҭааз 2022 ш.цәыббрамза 28 рзы Алеқсандр Лукашенко Аԥсны даныҟаз иҟаиҵаз ааԥхьарала. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аиҿцәажәара алҵшәақәа рзы игәаанагара иҳәеит ажурналистцәа данрацәажәоз. 

«Шәара ижәдыруеит, Аԥсны ԥсшьарҭа тәыланы ишыҟоу, аҳауа шызҩыдоу, Беларусиантәи еснагь асасцәа ҳреигәырӷьоит. Сара снапы зҵазҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Беларусиа атәылауаа Аԥсны визада рыҟазаара аҿҳәара иацҵахоит. Иаԥҵоуп Ахәаахәҭратә ҩны, уи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭагылазаашьа ыҟоуп Аԥсны аалыҵ Беларусиаҟа аашьҭразы. Иара убас, ҳаиқәшаҳаҭхеит Аԥснытәи аҿар рԥышәа аизыр­ҳаразы Беларусиа атехнологиа ҳаракқәа рпарк аҭааразы. Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ анаҩсгьы, ааглыхратә аалыҵ аанахәо иҟалоит, ҷыдала, Беларусиатәи ааглыхраҟны аԥхьагылара змоу – азауад «Горизонт» аалыҵ», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Беларусиа Ареспубликеи ҳареи аимадарақәа рышьақәыргылара аҵак ду шамоу. «Ҳара мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ирыбзоураны амацәаз ҳҭакын, Урыстәыла амчала, иҟоу амҩақәа раатра хацыркхеит. Ҳарҭ иаҳҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа агәылеимабзиаратә ҟазшьа рымазарц, ааглыхратә еимадара хшыҩзышьҭра аҭаны».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me