Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәлар бзиа еицырбаз апоет

Аҧсабара инаҭаз абаҩхатәра, ихы-иҧсы еиҳа бзиа иибоз иҧсадгьыл Аҧсны иалаҵәеит. Ипоезиатә дацқәа рҧашә ҳадгьыл аҟны аҽеиҵнахит. Ашьха ду акьацәра ихәнеит. Ҳажәлар амилаҭ-политикатә еибарххарақәа рҿы азҵаара дуқәа ахьцәырыргоз, 17  шықәса анихыҵуаз инаркны иалагылаз, иагәыцә хаданы иҟаз, апатриот, Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 1950 ш. ажьырныҳәа 13  рзы Аацы ақыҭан диит. Иахьа дыҟазҭгьы иаҧсуара, иуаҩра, ихаҭара дуӡӡан. Ус иҳәалон: – Дарбан уаҩызаалак ихы шьҭыхны дныҟәаразы, иҭаацәа ихшаз зегьы ҿырҧшыгазароуп, ааӡаҩ ажәлар рҿаҧхьа ҽҧныҳәа имоуа дынхозароуп. Ихәы даҭәҳәаны ифозароуп».

Ажәлар бзиа  еицырбоз апоет 70 ш. ихыҵра азгәаҭаӡамызт. Уи адунеи зырхыџхыџуаз ачымзара бааҧсы иахҟьеит. Рушьбеи Смыр апоезиа бзиа избоз аҿарацәа аус рыдиулон. Арҿиаратә кружок еиҿкааны иман. Аҧсуа бызшәа амаӡақәеи, ҳҭоурых ишьаарҵәыроу адаҟьақәеи, апоезиа амаӡақәеи рызнеигон. Дара уи акружок алахәылацәа аиҳараӡак арҿиаратә хәышҭаарақәа рҟны иҟоуп, иалагалоуп. Хҩык иара ирҿиаратә кружок алахәылацәа: Габниаҧҳа Дифа, Гыцба Инал, Қаҧшь Алхас раҧшьгарала, Р.Дасаниа ихьӡ зху акультуратә Хан аҟны имҩаҧган, апоет Рушьбеи Смыр игәалашәаратә хәылҧазы.

Аиҧылара амҩаҧгаҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат Гыцба Инал Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоезиеи  уи ахырхарҭақәеи дырзааҭгылеит. Азал ауаа азымкуа иҭәын. Амҵ  ҧыруазар иуаҳауан. Ажәеи ашәеи  еилаӡон. Уи аамҭазы Рушьбеи Смыр ипатреҭқәа асценаҿы икыдыз аекран аҟны ицон.

Иааҭынчрахеит. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада изикыз ажәеинраала «Аҧыза» апоет игәаҵанӡа инаганы авидеонҵамҭала дахьа­ҧхьоз цон. Азал аҿы итәаз, иазы­ӡырҩуаз рылаҕырӡ рзаанкыломызт. Ус азал арлахҿыхит ансамбль «Риҵа» (анапхгаҩы Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист  Нора Чамагәуа) инанагӡоз ашәақәа «Вла­дислав Арӡынба» (ажәақәа Р. Смыр, амузыка Г. Ӡиӡариа Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист). Апоет Рушьбеи Смыр иҧсадгьыл азы игәы иблуан. Игәы иҵхоз, дызмырцәоз, ихьааигоз ируакын 19-тәи ашәышықәсазы Кавказ ажәларқәа ирзыҟалаз алахьынҵа цәгьа – рыҧсадгьыл рахгара. Иҟамзар ҟалап, иқәгыларақәа рҟны урҭ рхьаагара, рырхынҳәра дахьахымцәажәо, уи азы амҩақәа иҧшаатәу ахьимҳәоз.

Р.Смыр ипоема «Семра» – ари аублаа рлахьынҵа зныҧшуа, ҳажәлар наҟ-наҟтәи рҧеиҧш аиқәырхаразы аҭоурыхтә хҭысқәа рахь ҳхьазырҧшуа нҵамҭоуп. Апоема «Семра» абазеи аурыс бызшәеи рахь еиҭазгаз, Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рпоет, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла Лариса Шабзыхәа. Уи аиҧылараҿы аҭоурыхи аимадарақәеми дырзааҭгылеит. Уи абаза бызшәала апоема ацыҧҵәаха даҧхьеит.

Апоет Рушьбеи Смыр изкыз  агәалашәаратә хәылҧазы аҟны иқәгылеит: апоет, академик Владимир Занҭариа, Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Ҳаразиа Адамыр, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу,  ахәыҷтәы газеҭ «Агара» аредакциа ахьӡала Алина Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә телехәаҧшра Аҧсуа радио аредактор хада Адгәыр Гәынба, ААУ арҵаҩы Абзагә Аҟалҕьба, Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡба, аибашьҩы Рауль Смыр.

Гәдоуҭатәи араион акультуратә Хан аҟны ашәаҳәаратә ансамбльқәа «Риҵеи» «Ахьышьҭреи» инарыгӡоз ашәақәа ахәаҧшцәа напеи­нҟьарала ирыдыркылон. С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр артистцәа: Кьасоу Ҳагбеи Даур Агәхааи апоет Рушьбеи  Смыр иажәеинраалақәа ирыҧхьон.

Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр игәалашәартә хәылҧазы еиҿызкааз рыхҩык Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны аус руеит. Габниа Дифа, Гыцба Инал, Қаҧшь Алхас ирылшеит аиҧылара иалахәыз зегьы апоет ипоезиа ҿамҩак иадамхаргьы агьама дырбара, аҧхьара, азхәыцра…

Ахәаҧшцәа акыраамҭа ргәы иҭымҵәо иаанхеит Қь.Хә. Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаау афольклортә ансамбль «Кьараз» (анапхгаҩы Аҧсны жәлар рартист Руслан Агәмаа). Амҩаҧгаҩ Инал Гыцба аиҧылара апоет Зина Жьиҧҳа лажәеинраала ацыҧҵәаха ала ихиркәшеит. Агәалашәаратә еиҧылара  анхыркәшаха, еизаз зегьы ршьапы  иқәгылан рнапқәа еинырҟьон.


Гугуца  Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me