Аҧсуа естрада аеҵәа

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымба лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лиудмила Хьыҵкәыр-иҧҳа! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш!

Шәара шәырҿиара рдыруеит ҳтәылаҿы мацара акәымкәа, хара анҭыҵгьы. Шәара шәхаҭеи шәашәақәеи рыда ухаҿы иузаамго аҧсуа музыкатә культура шәахаҿроуп.

Авокал-инструменттә ансамбль «Аҧсны-67» шәалахәны иҭажәҩыз амузыкатә рҿиамҭақәа – «Фама», «Наныкьара», «Ачара ду» аҧсуа естрадатә ашәа абзиабаҩцәа зегьы ирдыруеит. Шәара ҽаҧсатәралаҵәҟьа иныҟәыжәгоит Аҧсны жәлар рартист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы, зегь раҧхьаӡа иргыланы ишәырҳаит жәлар рыбзиабара, раҳаҭыр. 

Шәара шәыҧшӡара, шәбаҩхатәра, шәпатриотизм, шәҟазшьа бзиақәа аҧсуа ҧҳәыс лхаҿраҵәҟьа ауп. Ишәзеиҕьасшьоит шәиаҵәа акыр шықәса ҳкультура арлашаларц, иара убас абаҩхатәра злоу Аҧсны атәы­лауаа ҿарацәа рзы имҩақәҵаганы аҟалара.

Ҳаҭыр зқәу Лиудмила Хьыҵ­кәыр-иҧҳа! Шәареи шәгәакьацәеи ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара ҕәҕәа, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра, арҿиаратә қәҿиарақәа».


«Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.  Шәара ажәлар рыбзиабара шәҽаҧсашәтәит. Шәыҧсҭазаара зегьы ажәлар ирызкуп, шәырҿиаратә мҩа акәзар – ҳаамҭазтәи аҿар рзы ҿырҧштәы дууп, иара убас арҿиареи аҟазареи ишрызнеитәу азы имҩақәҵагоуп», – иазгәеиҭеит Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аҧсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Лиудмила Гәымба 70 шықәса лхыҵра иазкны иҟаиҵо адны­ҳәалараҿы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me