Абизнес знапы алаку рҧылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәымба, ЖәларРеизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара адепутатцәа, аиҳабыра реилазаара алахәылацәа уҳәа аӡәырҩы. Аиҧылара аартуа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит абизнес знапы алаку ҳџьынџьуаа Аҧсны аҿиара радыҧхьалара акыр шаҵанакуа. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы аинвестициақәа ззырхатәу ахырхарҭақәа ишреиуоу атуризм, алогистика, афымцамч, атехнологиа ҿыцқәа, ақыҭанхамҩа уҳәа убас егьырҭгьы. Иара убасгьы хықәкыла дазааҭгылеит Аҧсны ӡыньы-ҧхынгьы аҧсшьацәа аҭаауа аҟаҵара хықәкы хаданы ишышьҭыхтәу. Аиҧылара амҩаҧгара хықәкыс иаман уи иалахәыз абизнес знапы алаку ҳџьынџьуаа ргәаанагара аилкаара. Аиҧылара иалахәыз зегьы ргәаанагарақәа рҳәеит Аҧсны аҿиаразы.
Аиҧылара аҟны иқәгылаз Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит ҳаҧхьаҟа апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзы азакәан-апроект адкылара шазгәаҭоу. Уи азы аиҧылара иалахәыз зегьы ргәаанагарақәа рҳәеит, шамахамзар зегьы иазгәарҭеит уи даара ишус бзиоу, Аҧсны аҿиара акыр ишацхраауа, ҧырхага шанамҭо.
Аиҧылара иалахәыз Москватәи аҧсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба иазгәеиҭеит апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзы азакәанапроект адгылара шаиҭо. «Сара ари апроект сахәаҧшуеит ҩ-хырхарҭак рыла. Ганкы – абизнес знапы алаку иаҳасабала. Егьи аган – Аҧсны атәылауаҩык, аҧсуак, зыҧсадгьыл бзиа избо, иасымша зыуаажәлар ирывагыларц зҭаху аӡәы иаҳасабала. Сара ари апроект адгылара асҭоит. Сгәы иаанагоит ари ахырхарҭа даара актуалра змоу акы ауп ҳәа» азгәеиҭеит Беслан Агрба.
Аҳәынҭқарра Ахада иакәзар, иҳәеит ари аҩыза аиҧылара амҩаҧгара аҭахужьҭеи акыршааҵуаз, уажәшьҭарнахыс уи асистематә ҟазшьа шаиуа. Аслан Бжьаниа абизнес знапы алаку ҳџьынџьуаа ҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ иҟарҵо ацхырааразы. Анаҩс Ахада иажәаҿы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаҧсоу атәылауаа! Гәык-ҧсыкала сшәыдныҳәалоит астол гьежь иалахәу. Агәра ганы сыҟоуп, шәара шәзы Аҧсуа ҳәынҭқарра аиқәырхара, арҕәҕәара, атәылахьчара, ҳажәлар, урҭ рбызшәа, рқьабызқәа, ркультура иҭышәынтәаланы арҿиара, ауааҧсыра рыҧсҭазаара ахаҭабзиара аиҕьтәра азҵаарақәа даара акырӡа шрыҵаркуа.
Шәара алагаламҭа ду ҟашәҵоит абарҭ азҵаарақәа рыӡбараҿы, иара убас Урыстәылатәи Афедерациаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәараҿы. Урҭ шьақәгылоуп агәреибагареи, азинеиҟарареи, наҟ-ааҟ аицхыраареи рпринципқәа рыла.
Имаӡам, амилаҭтә економика макьаназы адәныҟатәи афакторқәа иҟарҵо анырра ишахьыҧшу. Ҳара иҳалшаӡом ҳхала Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә финанстә цхыраарада апроблемақәа рҭыҧ рықәҵара. Абри азы Урыстәылатәи Афедерациа ажәлари анапхгареи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит.
Стратегиала ҳҩыза даара ахарџь зцу арратә операциа ҷыда мҩаҧимгар ада ҧсыхәа имам. Уи анхыркәшахалак, абарҭ аибашьрақәа ирыхҟьаны иҧыргаз, иҧхасҭахаз реиҭашьақәыргылара аганахьала афинанстә мал дуӡӡақәа аҭаххоит.
Сара зыӡбахә сымоу убри ауп, иахьа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра иаҳнаҭауа ацхыраара азырҳара ақәгәыҕра рацәак иалымҵыр ҟалап. Убри аан, иазгәаҭатәуп аколлективтә Мраҭашәара аекономикатә санкциа ҕәҕәақәа аналанагала ашьҭахь, Урыстәылатәи ахатә бизнес Алада-Мраҭашәаратәи Азиеи, Африкеи, егьырҭ арегионқәеи рахь аҽазышәарақәа зызнакыша аҭыҧқәа активла иаҧшаауеит. Абри аганахьала Аҧсны ашҟагьы аинтерес акырӡа ишьҭыҵит.
Агәра ганы сыҟоуп, ҳара ҳхы иаҳархәароуп ҳазҭагылоу аамҭа, иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп аекономика еиуеиҧшым аусхкқәа рҟны зымҽхак ҭбаау аинвестициақәа ралархәразы, ҳаҧырҵроуп инвестициала аҽҭахкаара. Абасала мацара иалыршахар ауеит ҳтәылауаа зыхә ҳаракны иршәо аусурала реибыҭара, зықьҩыла рыҧсҭазаара аҭагылазаашьақәа реиҕьтәра, атуризми, ақыҭанхамҩеи, егьырҭ аусхкқәеи рганахьала аконкуренциа ашьҭыхра.
Ҳекономика аҿиара ааныркылоит ирацәаны афакторқәа: ари атәылаҿы иаадрыхуа аалыҵ аҭираз аџьармыкьа амаҷра, асезонра, абизнес асубиектқәа еикәдыршауа амалқәа рымамзаара уҳәа егьырҭгьы. 2022 шықәсазы акредиттә еиҿкаара еизаку акредиттә макәан 1,1 миллиард мааҭ рыла ишышьҭыҵызгьы, 5,5 миллиард мааҭ шартәазгьы, акредитқәа рганахьала адәныҟатәи абжьаратә шәага-зага шықәсык ахьтә 22, 29% артәеит. Ари даара ирацәоуп. Абас еиҧш аҭагылазаашьақәа раангьы ҳнападкылаҩцәа активра ҳаракы аадырҧшуеит. 2022 инаркны 2023 шықәсазынӡа ашәҟәы иҭагалоу анападкылаҩцәа рхыҧхьаӡара иартәеит 25% инареиҳаны. Урҭ аусурҭа ҭыҧқәа аҧырҵоит, аҳәынҭқарратә биуџьет хадырҭәаауеит.
Ҳнападкылаҩцәа ирыбзоураны 2021 шықәсазы – аибашьра ашьҭахь раҧхьаӡа акәны – ҳара иҳалшеит аҳәынҭқарратә биуџьет ашьақәыргыларазы аплантә ҟаҵарбақәа реиҳатәра, 2022 шықәсазы ишьҭаҳхыз атемпқәа реиқәырхара мацара акәымкәа, урҭ рырҕәҕәарагьы алшеит.
Убас, 2019 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалатә хәҭа иартәеит 5,2 миллиард мааҭ, 2022 шықәсазы акәзар – 8,3 миллиард мааҭ. Абри аамҭала абиуџьет алагалақәа шьҭыҵит 54% рыла, мамзаргь 2,8 миллиад рыла. 2019 шықәсазы иҟаз 26 миллиад инаркны 2022 шықәсазы 39 миллиард рҟынӡа иазҳаит адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара.
Иалкаахеит абасеиҧш иҟоу атенденциақәа, урҭ аҧхьаҟагьы ирыцҵалатәуп. Агәра ганы сыҟоуп, иахьатәи аиҧылара инақәыршәаны убри шыҟаҵатәу аганахьала ажәалагалақәа ҟалап ҳәа.
Аинвестициақәа ралархәразы идыруп аусхк хадақәа: атуризм ахкқәа зегьы, асубтропикатә қыҭанхамҩа аус адулара, алогистика, афымцамч, IT атехнологиа. Атуризм, ақыҭанхамҩа уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа иалдыршоит ирацәаны аҧарақәа риура. Ари даара краҵанакуеит аҧаратә еимиссиа аныҟам аамҭазы, иара убас аҳәынҭқарра арегионқәа рырҿиаразы, урҭ рсоциал-економикатә ҩаӡара аиҟаратәразы факторна иҟоуп.
Абри аан, иаарласны аус рыдулатәуп, ишьақәырҕәҕәатәуп аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа рганахьала территориала апланшьақәыргылара асхемақәа, иаҧҵатәуп ақалақьргыларатә концепциа, уи иҳәаақәнаҵароуп хәызмаӡам ҳтәыла аҧсабара аиқәырхаразы аргылара ахкқәа зегьы рҳәаақәа.
Сгәы иаанагоит, ииашахоит ҳәа еиҕьу ақалақьргыларатә концепциа, убрахь иналаҵан Аҧсны ақалақьқәа зегьы рархетиктуратә хаҿра, урҭ рыдгьылҵакырақәа рырҿиара апрограммақәа ирызку аконкурс амҩаҧгара, 2017-2035 шықәсқәа рзы «Акурорт-туристтә центрк аҳасабала Гагра ақалақь арҿиара Апрограмма» иаҿырҧшны. Абри аҩыза анапынҵа рысҭоит Аиҳабыреи араионқәа рхадарақәеи. Сгәыҕуеит, ҳаҭыр зқәу анападкылаҩцәа, шәара шәахьиз, шәахьааӡаз, мамзаргь шәахьынхауа ақалақьқәеи араионқәеи абри аганахьала адгылареи ацхыраареи шрышәҭауа.
Лабҿаба уаҩы ибоит, аинвестициатә ҭагылазаашьа акырӡа ишахьыҧшу азинхьчаҩцәа русура. 2021-2022 шықәсқәа рзы ҳара иҳалшеит аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа руалафахәы аҩаӡара бжьаратәла 75% рыла ашьҭыхра.
Абарҭ аусҳәарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара акыр ахшыҩзышьҭра азуп.
Абри аамҭала аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭахрақәа рзы иаахәан 100 цыра инареиҳаны атранспорттә хархәага ҿыцқәа. Аибашьра ашьҭахь ари аҩыза ҟамлацызт. Азинхьчаҩцәа макьаназ апроблемақәа рацәаны ишрымоугьы, акырӡа зҵазкуа хырхарҭақәак рганахьала урҭ русураҿы иубоит атенденциа бзиақәа, сгәы иаанагоит, шәара уи шәақәшаҳаҭхап ҳәа.
Атуристтә усхк гәыцәуп, егьырҭ зыӡбахә ҳҳәаз ахырхарҭақәа – ари Аҧсны аекономика злаҿиауа амҩа хада ауп. Абри инамаданы, сара снапынҵала аус адулоуп «Апартаментқәа рзинтә статус аҭышәныртәаларазы азакәанпроект». Хьыӡҳәала апартаментқәа иахьазы атуристтә индустриа активла иҿиауа ахәҭақәа ируакуп. Убас, Шәача апартаментқәа рхыҧхьаӡара 100000 цыра иреиҳахеит. Дубаи, асервисттә апартаменқәа рхыҧхьаӡарала ақалақьқәа-аҧхьагылаҩцәа ируаку, аизыҟазаашьа иартәоит 1 – 3, даҽакала иуҳәозар, иарбанзаалак асасааирҭатә номерқәа 3 ирықәшәоит 1 апартаментк.
Пҟарақәас иарбоузеи Аиҳабыра рсаит аҟны икьыҧхьу азакәанпроект? Актәи – адгьылқәа аанхоит аҳәынҭқарра ишатәу, аҩбатәи – апартамент амазаара азин иахылҿиааӡом атәылауаҩра аиура азин, мамзаргьы анхара. Апартамент зтәу алшарақәеи азини имаӡам Аҧсны аполитикатә ҧсҭазаара ихы алаирхәыц. Убри аҩыза амаругақәа арбоуп, урҭ иалдыршаӡом ҳҳәынҭқарра ашәарҭара иҭазыргылауа ауаа рганахьала апартаментқәа риура.
Апартаментқәа ҷыдарас ирылоу убри ауп, урҭ иаҳарак аусутә анрымоу аамҭақәа ыҟоуп, иаҳҳәап ҭагалан-аӡын. Иҟоу ашәахтәқәа рнаҩсангьы, иарбахоит ашәахтә ҿыцқәагьы ралагалара. Урҭ ҳажәлар рынхарҭа апроблемақәа рыӡбара иазкхоит. Ари иалнаршоит 10-15 шықәса рыҩнуҵҟала абри апроблема аҭыҧ ақәҵара, аҭаацәара қәыҧшқәа харҭала реиқәыршәара нап аркра.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Агәра ганы сыҟоуп, адыррақәеи аҧышәеи змоу ҳнападкылаҩцәа, шәара ижәбап ҳәа ҳҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рымҽхақәеи рыуадаҩреи, шәымчқәеи шәылшарақәеи зегьы азышәкып ҳәа иаарласны уи аӡбара. Иахьа, даҽаамҭанык еиҧшымкәа, Аҧсадгьыл иаҭахуп шәара шәхәыцра ҿыц, шәара шәазнеишьа ҿыцқәа. Шәареи ҳареи Аҧсны кылаҳгароуп ҕәҕәала аҿиареи ашәҭыкакаҷреи рымҩахь».
Ш.Торчуа,
Б.Қаџьиа