Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыхьӡ еицамкуа

Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭ­шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзи­абаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьа­азым Агәмаа иҩы­мҭақәа реизга  «Иалкаау».

Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьа­ркыратә лите­ратура аҿиара аҭо­урых аҟны.

Қьаазым Ҟараман-иҧа Агәмаа диит 1915 шықәса Очамчыра араион Ҕәада ақыҭан 1932 ш. арҵаҩратә техникум дҭалеит, уинахыс – Москваҟа дцоит, ажурналистика азанааҭ ала аинститут дҭалоит. 1934 ш. Калининтәи арҵаҩратә институт  аҭоурыхтә факультет даанахәоит. 1957 ш. иреиҳау аҵараиурҭа далгоит абжьаратә школ арҵаҩы изанааҭ иманы. Аҧсныҟа даныхынҳә ҩышықәса рҟынӡа Тҟәарчал рҵаҩыс аус иуан абжьаратәи ашкол аҟны. Иаарласны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»)  аредакциахь усура диасуеит.

Қь.Агәмаа дышқәыҧшыз алитература дазхьаҧшуа далагеит. Иҩымҭақәа акьыҧхь рбеит 1933 ш. Аҟәатәи арҵаҩратә техникум данҭаз. Убри нахыс – дахьыҟазаалакгьы, инапы злакызаалакгьы ашәҟәыҩҩы алитература дацәхьаҵны иҟамлацызт, иҩымҭақәа рыла акьыҧхь аҟны дцәырҵуан.

1934 ш. иҭыжьыз апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Раҧхьатәи ашьаҿа» ианылеит апоет иажәеинраалақәа ҩажәижәба. 1940  шықәсанӡа  акәзар, акьыҧхь рбеит  ироман «Селым» ацыҧҵәаха, иажәа­бжьқәа «Аишьцәа», «Абаҳча ҿыц», иара убас иажәеинраалақәа маҷымкәа. Агәыҕра бзи­ақәа змаз арҿиаҩы есааира али­тература да­ланахалон, иҩымҭа ҿыцқәагьы аҧхьаҩцәа ироуан. Аха 1940 ш. аррамаҵура ашҟа иҧхьоит. Арра дшыҟаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ҵысит. Иҩызцәа дрылагылан Аҧ­садгьыл ду ахьчараҿы. Аҧхьа атанк дақәтәан, аха  иаарласны апар­тизанцәа дыруа­ӡәкхеит. 1942 ш. Бриансктәи абнаршәырақәа рҟны аҕа имчқәа ҵызшәаауаз апартизанцәа ргәыҧ аҟны авзвод акомандирс дыҟан, аамҭақәак рышьҭахь –абаталион аштаб аиҳабыс дахадыргылоит.

1944 ш. апар­тизанцәеи аҕацәеи реи­дысларақәа руак аан ашә­ҟәыҩҩы ҕәҕәала дырхәуеит. Уи нахыс игәабзиара уашәшәырахеит, иҽихәышәтәызаргьы  ажәыларақәа дызрылахәхомызт. Хара имгакәа ихы дақә­иҭыртәуеит, Аҧсныҟагьы дхын­ҳәуеит. Аҧсадгьыл ахьчараан иааирҧшыз агәымшәаразы аор­денқәеи амедалқәеи ианашьан.

Қь.Агәмаа Аҟәаҟа даныхынҳәы аус иуан Аҧсны апшәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ашьҭахь – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы.

1950 ш. зыхәрақәа акыр идыр­гәамҵуаз Қь.Агәмаа ичымазара иахҟьаны иаамҭамкәа иҧсҭазаара ҿахҵәеит. Аха иҭынхеит аҩымҭа ҟаимаҭқәа. 1930-тәи ашықәсқәа раан амилаҭтә литература иаҵагылаз абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа  фыр­ха­ҵарала дым­ҩасит. Ауаҩреи ақьиареи аҧхьа изыргылоз  арҿиаҩы  иҧсеиҧш бзиа ибон иҧсадгьыл, ишилшоз ала амаҵгьы иуан.

Қь. Агәмаа ишәҟәы  «Иалкаау» еиднакылеит, иажәеинраалақәа реиҧш, ипрозатә рҿиамҭақәа: «Селым» (ароман ацыҧҵәаха), «Аӡыхь» (ароман ацыҧҵәаха), ажәабжьқәа «Аишьцәа», «Ан лгәыблра», «Уахык зны», «Абзиабара аҟнытә  ажәабжьқәа», «Аӡлагараҿы», «Ахра ашәа», аповестқәа  «Абаандаҩы», «Ҷыҷыкәа» (ацыҧҵәаха), адрама «Адгьыл ду».

В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me