Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар рашәақәа аԥсы рхазҵоз

Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.

Уасил Ми­хаил-иԥа Царгәыш ахортә акамер-вокалтә рҿи­амҭақәеи, акино­фильмқәеи, атеатртә қәы­р­гыламҭақәеи рзы аму­зыкақәа дравторуп. Ирҿи­амҭақәа рҿы иара илиршеит ҳажәлар рҭоурых – уи аҷыдаҟазшьа, амч, аидеиақәа, ахәыцрақәа зеиӷьаҟам ала раарԥшра. Уасил Михаил-иԥа акантатақәа «Х-ҩык афырхацәа рзы», «Иҭахаз ргәалашәаразы», «Аԥсны Ан» рзы ианашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

50 шықәса инареиҳаны Уасил Михаил-иԥа аԥсуа ҟазара аӡыргара иаз­кыз  Аԥсны зҽа­ԥса­зтәыз жәлар ра­шәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль напхгара аиҭон.  Уасил Михаил-иԥа инапхгара ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша арҳаит, Аԥсны еиԥш, уи ан­ҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит, акон­цертқәа рыла иаҭааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа  жәпакы. Уасил Царгәыш иналукааша аба­ҩхатәреи аза­нааҭдырреи злаз уаҩын. Уи зеиӷьаҟам ала илиршон Аԥсны амузыкатә ҭынхеи иреиӷьу акәа­шаратә тра­дициақәеи рӡыргара, ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аац­ҳамҭаҿы.

Уасил Михаил-иԥа Царгәыш диит Аԥсны АССР, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан анхаҩы иҭа­ацәараҿы. 1947—1958 шықәсқәа рзы Аҷан­даратәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара иҵон. Ашкол даналга ашьҭахь дҭалеит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адири­жиортә факультет. Амузыкатә ҵараиурҭаҿы аҵара аниҵоз аамҭазы ашколтә хор напхгара аиҭон, уи иара убас анапылампыл дасуан. 1963 шықәсазы ахор-дирижиортә факультет акурс нагӡаны далгеит. Уи ашьҭахь адирижиор-хормеистр иаҳасабала аусура ҳәа ддәықәҵан Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль ахь. 1977 – 1982 шш. Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-педагогикатә Институт аҿы аҵара иҵон (аквалификациа «жәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор»).

1968—2020 шш. – Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәы­н­ҭқарратә ан­самбль аса­хьаркыратә напхгаҩи ади­рижиор хадеи рмаҵура еилеигӡон. 1979 шықәсазы Уасил Царгәыш «Аԥснытәи АССР жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵахеит,  1982 шықәсазы  –  «Қырҭ­тәылатәи ССР Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы». 1976 шықәсазы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш инапхгарала  Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи ры­кәа­шареи аҳәын­ҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа – Польшаҟа агас­трольқәа мҩа­ԥнагеит.  Қәҿиарала имҩаԥысыз агастрольқәа рышьҭахь, ансамбль еиҳа лассы-лассы аҳәаанырцәҟа ааԥхьара аиуа иалагеит. Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәын­ҭқарратә ансамбль ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылаҿацәқәа зегьы рҿы инеихьан. 1986 шықәсазы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи  аҳәынҭ­қарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Иара Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә фила­рмониа адиректорс дҟаҵан.   1988 шықәса инаркны Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩи адирижиор хадеи рмаҵура еилеигӡон. 1995 шы­қәсазы Аԥс­нытәи Аҳәы­нҭқарратә филармониа адиректор имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы да­қәиҭтәын, аха убри аамҭазы Аԥсны зҽаԥ­сазтәыз жәлар рашәаҳәареи ры­кәашареи аҳәы­нҭқарратә ансамбль асахьаркыратә нап­хгаҩи адирижиор хадеи адиректори рмаҵураҭыԥ аҿы аус иуан.  Иԥсҭазаара далҵит 2021 шықәсазы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me