Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.
Амедицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿыхрақәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа азгәаҭан. Аппаратқәа зегьы аус руеит, уи амедусбарҭақәа рҿы афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара аамҭа азы атәылауаа рзы ихымԥадатәиу амаҵзурақәа рамҩаԥгара алнаршоит. Аминистр Едуард Быҭәба иҟоу аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭареи есыҽны ахәышәтәырҭақәа русуреи азы адырра ирҭаларц азы адҵа ҟаиҵеит.