Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сталинградтәи аибашьра – 80 шықәса

Аԥсныпресс. Жәабранмза 2, 2023 шықәсазы анемец-фашистцәа рықәгара ахьалыршахаз Сталинградтәи ажәылара ҟалеижьҭеи  80 шықәса ҵит.   Ари амш аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз Аԥсны анапхгара Аҟәа, Диоскураа рымҩаҟны Идырым асолдаҭ  ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Агәалашәара рхы аладырхәырц арахь имҩахыҵит Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, ауаажәларра. 

Агәалашәаратә митинг аартуа, Михаил Шургалин иаз­гәеиҭеит: «Иахьа иазгәаҳҭоит анемец-фашистцәа рҭархара алзыршаз Сталинградтәи ажәылара ҟалеижьҭеи 80 шықәса аҵра. 1943 шықәса, жәабранмза 2 рзы ихыркәшан аполитикатә, арра-стратегиатә аҵак ду змаз,  200 мшы ицоз Сталинградтәи аибашьра. Ари ахҭыс 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны шьаҭанкыла аиҭасымҭа иазҳәан. Аиааираҟны рлагаламҭа дууп Аԥсны иалҵыз асовет еибашьцәа. Анемец командаҟаҵара Волга аӡиас ахь анеиразы иамаз апланқәа хыбгалеит.  Асовет архәҭақәа астратегиатә инициатива анапахьы иагеит, хара имгакәа афашисттә Германиа акапитулиациа ҟалеит. Асовет жәлар аиааира ргеит. Ари амш иахьа ҳара Украина имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аамҭазы иазгәаҳҭоит. Усҟан еиԥш, уажәгьы Урыстәылатәи аруааи хатәгәаԥхарала урҭ ирывагыланы еибашьуаз аԥсуа еибашьцәеи рыжәҩахыр еибыҭа анацисттә шәарҭара ду иаҿагылоуп. Усҟантәи ахҭысқәа рҭоурыхтә ҵабырг ахьчареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алҵшәақәа реицакра алмыршареи – ари ҳара иаҳзеиԥшу уалԥшьоуп. Ҳаԥсадгьыл Ду ахьчаҩцәа-аветеранцәа ҳрызгәдууп, урҭ ирыбзоураны иахьа ҳаԥсы ҭоуп, ҳхы ҳақәиҭуп», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Сергеи Шамба ари амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа шьаҭанкыла аиҭасымҭа иазҳәан ҳәа иазгәеиҭеит: «Аџьы­нџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы шьаҭанкыла еиҭасымҭаны иҟалеит Волга аԥшаҳәа аҟны иҟалаз аибашьратә хҭыс. Араҟа иаанкылахеит афашисттә архәҭақәа ржәылара. Гәадурала иҳадаҳкылоит ари иналукааша аибашьратә хҭыс дахьалахәыз Цыгәба зыжәлаз  Аԥсны ахаҭарнак. Уи иҩызцәеи иареи фырха­ҵарала аӷа ижәыларақәа ааныркылон.

Усҟан Аԥсны аҵеицәа рацәаҩны рыԥсадгьыл ду ахьчара рхы ақәырҵеит.  Ҳара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит урҭ рфырхаҵареи ргәымшәареи. Еиҵагыло абиԥарақәа зегьы урҭ рфырхаҵара иаҿыԥшны рыԥсадгьыл ахьчара иазхиазароуп есымша».

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Сталинградттәи аибашьра амҽхаки ауадаҩреи рыла уаанӡа иҟаз аидысларақәа зегьы раасҭа еиҳауп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит еизаз зегьы иахьатәи амш, Сталинградтәи ажәылара 80 шықәса ахыҵра амш! Ари акырӡа аҵанакуеит, уи Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра адагьы адунеизегьтәи аибашьрақәа рҭоурых аҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит.   Ахәшьара уадаҩуп Аԥсны иалҵыз аибашьцәа  «Кавказ ахьчаразы аибашьра» хадара злоу аетапқәа раан хамеигӡарала Кавказтәи аҩхаа аҟынтәи Амшын Еиқәа ахь зхы хаз  анемец фашисттә архәҭақәа раанкылара зылшаз рфырхаҵара. Уигьы «Сталинградтәи ажәылара» еиԥш астратегиатә ҟазшьа ду аман. Аԥсны иалҵыз Сталинградтәи ажәылара иалахәыз аибашьҩы Валентина Шульгина аԥхьа днаргыланы, ҳаҭыр зқәу аветеранцәа-аиааирагаҩцәа, шәҿаԥхьа ҳхырхәоит хәы змаӡам шәфы­рхаҵаразы! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәҭаацәа рҿы аизҳазыӷьара!».

Сталин­градтәи ажәылараҿы асовет еи­башьцәа рхамеигӡарала анемец-фашистцәа рықәгара аналыршаха амш 80 шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи алархәны, Аԥсны иҟоу Урытәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рыцхыраарала аныҳәатә гәаларшәаратә усмҩаԥ­гатәқәа нарыгӡеит.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me