Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Фымцала аиқәыршәара иазкны

Фымцала аиқәыршәареи акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагылареи рызҵаарақәеи ирызкын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапыҵала уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба февраль 5 азы имҩаԥигеит аусуратә еилацәажәара, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара иалахәыз азыӡырҩит иҟоу арезервқәа рҟаҵарба ха­дақәеи Аԥсны афымцамч ахархәара ашьҭыҵреи ирызкны аекономика аминистр лажәахә.

Ажәахә инақәыршәаны ҳазну аамҭазы афымцамч ахархәара аҟаҵарбақәа идыртәоит 10 миллион кВт/ сааҭ, абас еиԥш афымцамч ахархәара, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иҳауагьы азхаӡом аӡыни ааԥыни рзы мацара акәымкәа, ҳазну ашықәс ҭагалани аӡыни раамҭазгьы.

Афымцамч абас иазырҳаны ахар­хәаразы мзыз хаданы иҟоуп акриптоԥарақәа рырҳаразы изакәа­нымкәа аппаратқәа раҿакра.

Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили иажәахә алацәажәара аан, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб акрипто­валиутақәа риуразы аппаратқәа ахьаҿаркуа ҭыԥзаҵәыкны иҟоу араионтә фымцеиԥшьырҭақәа русура хшыҩ­зышьҭра азыҟаиҵеит.

«Араионтә фымцеиԥшьырҭақәа зегьы рҟны ирдыруеит араиони ма ақалақьи рҿы имҩаԥысуа, даара ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит. Ҳара иаҳҳәаӡом акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара хықәкы­лаҵәҟьа иалахәуп ҳәа, ҳара иаҳҳәо урҭ анс акәуарс акәу ишамадоу атәы ауп. Ари иашоуп. Нас, иҟалап урҭ хахаҵәҟьа уи ишалахәу аарԥшхар.  Акымзарак ҳзыҟаҵаӡом «Амшынеиқәафымцамчи» Аҳәынстандарти рыда. Шәара алшара шәымоуп аԥхьаӡагақәа аус руоуирымуоу агәаҭаразы аҩна­ҭақәа рахь анеиразы. Иаҳжьода, ҳхы ҳжьома? Хыԥхьаӡарала шаҟа ыҟоу иахьмырԥшыкәа амаининг-фермақәа зтәу ирыхҟьаны ауааԥсыра зегьы аԥхасҭа роуеит! Шьҭа ари зегьы еилыркаауеит иацижәаци рыла. Иҟоу ахыхь афымцамч ҳауит. Лҵшәас иаиуазеи? Зегьы раппаратқәа аҿаркит», – иҳәеит Аԥыза-министр.

Аԥсны дар­банзаалак атәылауаҩ иинтересқәа ирыхькьысуа азҵаара аҵак ҷыда шамоу ҳасаб азуны, иазыӡбан акриптоԥарақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагыларазы араионтә штабқәа русура арӷәӷәара, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала Ареспубликатә штаб аиҿкаара.

Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы инапынҵақәа назыгӡауеи Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩи рнапы ианиҵеит араионтә фымцеиԥшьырҭақәа зегьы рҟны изакәанымкәа аҿакрақәа ргәаҭара, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи алархәны.

Иара убас, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапы ианҵоуп Аԥсны раионқәа зегьы рҟны афымцамч ахархәашьеи аамҭала алашара арцәарақәеи рзы есымша ауааԥсыра адырра рыҭара.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзуреи рнапы ианҵоуп изакәанымкәа иаҿаку ашьақәгылақәа рымхра.

Иара убас, азинхьчаратә усбарҭақәа ирыдҵоуп акрип­тоԥарақәа рырҳаразы аппаратқәа аҿазкуа аиҿкаарақәеи ауааи русура ахылаԥшра.

Аилацәажәара рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, уи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аҳәынҭ­шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, апрокурор хада Адгәыр Агрба, астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хлаԥшразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили, Аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me