Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аминистрра адырраҭарақәа рыла

Аҧсныпресс. Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит аҟны икьыҧхьуп 1990 инаркны 2022 шықәса­зынӡа амҩа-транспорттә хҭысқәа ртәы зҳәо астатистика. 1992-1993 шықәсқәа ртәы зҳәо аинформациа ыҟаӡам, избанзар усҟан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра мҩаҧысуан.

Аибашьраҟалаанӡатәи ашықәсқәа ҩба (1990-1991 шықәсқәа) рыҩнуҵҟала ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә хҭысқәа 884, иҭахеит 307-ҩык, еиуеиҧ­шым ахәрақәа роуит 904-ҩык.

Аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы (1994 инаркны 2022 шықәсазынӡа) хыҧхьаӡара рацәала амҩа-транспорттә хҭысқәа ҟалеит 2015 шықәсазы – 220. Иаҳа ауаа рацәаҩны иҭахеит 2016 шықәсазы – 80-ҩык. Еиуеиҧ­шым ахәрақәа роуит иаҳа ирацәаҩны 2019 ш. азы – 332.

2022 шықәсазтәи адырраҭарақәа рыла, Аҧсны ашәҟәы иҭаҩын амҩа-транспорттә хҭысқәа 214, иҭахеит 64-ҩык, еиуеиҧшым ахәрақәа роуит 296-ҩык. Иааидкыланы Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо ашәҟәы иҭагалоуп 70 430 автотранспорттә хархәагақәа. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me