Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыжәҩа ҭҟьаз

Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьауӷатә ус хацнаркит Аԥсны Ашьауӷатә кодекс ахәҭаҷ 324 ахәҭа 1 (Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахыҵра), ахәҭаҷ 273.3 ахәҭа 2 (амассатә информациа ахархәагақәа рыла Аԥсны атерриториатә акзаареи аламкьысреи реилагара иазку аусқәа реиҿкаара) иазԥхьагәарҭауа ацәгьоура аҷыда­рақәа рыла Гамисониа Руслан Фамиль-иԥа иганахьала. Абри атәы аанац­ҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада асаит.

Ашьауӷатә ус арҵысразы ақәҵара инақәыр­шәаны, Аԥсны атәылауаҩ Гамисониа Руслан Фамиль-иԥа 2022 шықәса ииун азы «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаазы», «Аԥсныҟа аареи ацареи реиҿка­ашьазы» Аԥсны азакәанқәа еилаганы, заа ихәыцны, изакәанымкәа аушьҭырҭа ҭыԥ ахьыҟамыз, адоку­­­ментқәеи изыхәҭоу азини имаӡамкәа, аусҭҵаара иазышьа­қәмыргылаз ҭыԥк аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа дахыҵит, Қырҭтәылаҟа диасит.

2022 шықәса август азы Гамисониа Аԥсны атәылауаҩ Буава Даур Тариел-иԥа ихьӡала иҭаҩу асоциалтә ҳа «Tik-Tok» адаҟьаҿы ианиҵоз авидеосиужетқәа рыла иааирԥшуан Аԥсны атеррито­риатә акзаареи аламкьысреи рԥыргаразы, Аԥсны Қырҭтәыла алаларазы маӡала ааԥхьара зныԥшуаз аидеиақәа.

Ҳазну аамҭазы Аҟәа апрокуратура иара убас Гамисониа далахәны амассатә информациа ахархәагақәа рҟны егьырҭ акьыԥхьымҭақәа ргәаҭаразы аусқәа мҩаԥнагоит.

Руслан Гамисониа дахьаарԥшу авидеоматериалқәа алингвистикатә експертизахь ишьҭуп. Уи алҵшәақәа рыла аусҭҵааҩцәа аӡбамҭа рыдыркылоит.

Гамисониа Р.Ф.уаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иус аӡбахьан иӡбны ауаҩшьразы, иара убас Гәылрыԥшьтәи араионтә усӡбарҭа – Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ҩыџьа рцәаԥҽразы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me