Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аминистрцәа Реилазаара анапхгара алархәны

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа Реи­лазаара анапхгара алархәны есымчыбжьатәи аусуратә еила­цәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны ар­ҽеиратә усурақәа рылҵшәақәа ртәы иҳәеит – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

Ҳазну аамҭазы арҽеиратә усурақәа рымҽхак хада нагӡоуп, аха уи инаг­ӡаны ихыркәшахарц азы адыдмацәыс иацәызыхьчо ашьақәгылақәа еибыҭатәуп. Уи мҩаԥгахоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытәи аспециалистцәа аламырхәӡакәа, иҳамоу амчқәа рыла.

Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит, ақәа ахьамуеи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ӷәӷәала иахьылаҟәызи ирыхҟьаны ЕгрГЕС афымцамч иаанашьҭуа маҷӡахеит, убри иахҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәарақәа мҩаԥысуеит.

Атәыла Ахада адҵа риҭеит аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара аганахьала есымша аҳасабрбақәа ҟарҵаларц, афымца шаҿырхуа ала ауааԥсыра ианаамҭоу адырра рырҭаларц.

Аилацәажәараҿы иара убас Ахада аҳәынҭқарраҿы автома­шьынақәа рырлашьцара атема шьҭихит.  Аслан Бжьаниа рнапы ианиҵеит Аминистрцәа Реилазаара автопарк зегьы аԥҟарақәа ирықәшәартә иҟарҵарц.

Аилацәажәара иалахәыз азааҭгылеит апартсасааирҭақәеи апартаментқәеи рзинтә статус арманшәалара иазку азакәан­проект аус адулара.

Атәыла Ахада рнапы ианиҵеит апроект аҟны иадырбарц апартаментқәа зтәу рзы амазара аганахьала иҟоу ахыхь ашәахтә арбара. Уи иаанашьҭуа амалқәа еизалароуп хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны, иагьныххалароуп Аԥсны атәылауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me